Перейти к содержанию

Аматематика

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Image Ари атермин «Аматематика» даҽа ҵакқәакгьы амоуп, Шәахә. иара убас: Аматематика (аҵакы).
Аҭҵаарадырра
Аматематика
Image
Mathematics
Image
Евклид. Рафаель и- "Афинатәи ашкол" аҟәырҷаха

Аматематика (ажәытә бырз.: μᾰθημᾰτικά < μάθημα “аҵара; аҭҵаарадырра”) — ииашоу формалтә ҭҵаарадырраоуп[1][2][3], аханатә ахыԥхьаӡаратә еизыҟазаашьақәаеи (аԥхьаӡацқәа) аҭыԥтә формақәаеи (агеометриатә фигурақәа) ҭызҵаауа. Еиҳа иҿыцу аилкаараҿы, ари аобиектқәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа ирызку ҭҵаарадырроуп, зыӡбахә ала акгьы дырым, ҷыдарақәак рыда – аксиомақәа раҳасабала еиуеиԥшым аматематикатә теориа шьаҭас иамоу[4].

Аматематика ҭоурыхла ишьақәгылеит аԥхьаӡаратә операциақәа— аобиектқәа рформақәа ршәареи рыхцәажәареи шьаҭас ишьҭыхны[5]. Аматематикатә обиектқәа ҟалоит ииашоу ма даҽа математикатә обиектқәак рҟазшьақәа армариарала, насгьы урҭ ацәаҩақәа формалтә бызшәала рҭаҩра абзоурала.

Аматематика аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рахь иаҵанакӡом, аха урҭ рҿы инарҭбааны ахархәара амоуп рҵакы ииашаны аарԥшра азы еиԥш, алҵшәа ҿыцқәа раиуразгьы. Уи егьырҭ аҭҵаарадыррақәа (азеиԥш) абызшәатә хархәагақәа рызҭо шьаҭанкылатәи ҭҵаарадырраоуп; убриалагьы, урҭ рыструктуратә еиҿцаара аанарԥшуеит, аԥсабара азеиԥш закәанқәа рыԥшаарагьы иацхраауеит[6].

Иҭҵаахо аобиектқәа иреиӷьӡоу рҟазшьақәа ма аксиомақәа раҳасабала ишьақәгылоит, мамзаргьы урҭ ирышьашәало ​​аматематикатә обиектқәа рыӡбахә аҿы иарбоуп[7]. Анаҩс, алогикатә лкаа аԥҟара џьбарақәа инарықәыршәаны, арҭ аҷыдаҟазшьақәа рҟынтәи иҵабыргу егьырҭ аҷыдаҟазшьақәа (атеоремақәа) шьақәгылоит. Ари атеориа зеиԥшла иҭҵаахо аобиект аматематикатә модель шьақәнаргылоит. Абасала, аханатә аҭыԥтәи ахыԥхьаӡаратәи еизыҟазаашьақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, аматематика еиҳа уаҩы ихаҿы иааиго аизыҟазаашьақәа аиуеит, урҭ рыҭҵаарагьы ҳаамҭазтәи аматематика маҭәарс иамоуп.

Традициала, аматематика еиҟәшоуп атеориатә — аматематикаҩнуҵҟатәи аилазаашьақәа иҵауланы анализ рзызуеи, насгьы ахархәаратә —змодельқәа егьырҭ аҭҵаарақәеи анџьныртә маҭәарқәеи ирымаздои рыла, урҭ рҟынтәи акы-ҩба аматематика аҳәааҿы аҭыԥ ааныркылоит. Аиашазы, аформалтә логика афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рыхәҭак аҳасабалагьы, аматематикатә ҭҵаарадыррақәа рыхәҭак аҳасабалагьы уахәаԥшыр ауеит; амеханикаафизикагьы аматематикагьы; аинформатика, акомпьютертә технологиақәа, алгоритмика анџьныррахь еиԥш, аматематикатә ҭҵаарадыррақәа рахьгьы иаҵанакуеит, уб . иҵ.

Ажәа «аматематика» ажәытә бырз. бызшәа аҟынтәи μάθημα, иаанагоит «аҵара, адырра, аҭҵаарадырра», ажә. бырз. μαθηματικός, аханатә «игәнызкыло, еихьӡоу» аҵакы аман, ԥыҭрак ашьҭахь — «аҵара иаҵанакуа», анаҩс «аматематика иаҵанакуа» ҳәа иҟалеит[8]. Ажәа аҟнытә, лаҭын бызшәала, ars mathematica иаанагоит "аматематика аҟазара" (μαθηματικὴ τέχνη ). Ажәытә бырзен бызшәа атермин μᾰθημᾰτικά ажәа «аматематика» иахьатәи аҵакала Аристотель иусумҭақәа рҿы иҟоуп (ҳера ҟалаанӡа 4-тәи ашәыш.). Фасмер игәаанагарала, ари ажәа аурыс бызшәахьма аполиак бызшәа matematyka аҟынтәи иааит, мамзаргьы алаҭ. Mathematica аҟынтәи[9].

Урысшәала иҟоу атекстқәа рҿы ажәа «математика», мамзаргьы маѳематика ҳԥылоит, иаҳҳәап, XVII-тәи ашәышықәса инаркны - ҿырԥштәыс иаагозар, Николаи Спафариа иҩымҭаҿы «Книга избранной вкратце о девяти мусах и о седмих свободных художествах» (1672 ш)[10].

Ашьақәырӷәӷәагақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аристотель аматематика «ахыԥхьаӡара иазку аҭҵаарадырра» ҳәа иаликаауан, уи аилкаара ԥыжәара аман XVIII-тәи ашәышықәсанӡа.

Аматематика амаҭәар раԥхьаӡатәи ашьақәырӷәӷәагақәа руак Декарт иҟеиҵеит[11]:

Аматематика аҳәаақәа рахь иаҵанакуеит еишьҭагылашьак ма еизшәарак ахьыҟоу аҭҵаарадыррақәа мацара, насгьы зынӡа аҵакы амаӡам урҭ ԥхьаӡацқәоума, фигурақәоума, еҵәақәоума, бжьқәоума, мамзаргьы даҽакума ари ашәагаа ахьыԥшаахо. Абасала, иҟазароуп зеиԥш ҭҵаарадыррак, аиҿкаареи ашәага-загеи ирыҵанакуа зегьы ҭзыршәшәаауа, иалкаау маҭәарк аҭҵаара аҽаламгалакәа, насгьы уи аҭҵаарадырра атәым ажәала ахьӡ аҭаны акәымкәа, ижәытәу, ахархәара иаланагалахьоу Азеиԥш матиматика ҳәа ахьӡ амазароуп.

…illa omnia tantum, in quibus ordo vel mensura examinatur, ad Mathesim referri, nec interesse utrum in numeris, vel figuris, vel astris, vel sonis, aliove quovis obiecto talis mensura quaerenda sit; ac proinde generalem quamdam esse debere scientiam, quae id omne explicet, quod circa ordinem et mensuram nulli speciali materiae addicta quaeri potest, eamdemque, non ascititio vocabulo, sed iam inveterato atque usu recepto, Mathesim universalim nominari[12].

Асовет аамҭазы, БСЕ аҟынтәи А. Н. Колмогоров иҟаиҵаз ашьақәырӷәӷәага ихаданы иԥхьаӡан[13]:464

Аматематика... иҵабыргу адунеи ахыԥхьаӡаратә шьақәгылашьақәеи аҭыԥтә формақәеи ирызку ҭҵаарадырроуп.

Ф. Енгельс абасала ишьақәирӷәӷәоит[14]; аиашаз, Колмогоров анаҩс иҳаилиркаауеит ахархәара змоу атерминқәа зегьы еиҳа инарҭбааны, абстракттә ҵакыла еилкаалатәуп ҳәа[13]:476,477 .

Бурбаки иҳәашьа[4]:

Аматематика аҵакы... уажәы иаарԥшуп урҭ аазырԥшуа ҟазшьақәак ирҷыдахаз уаҳа џьаргьы зыӡбахә ыҟам аобиектқәа реизыҟазаашьақәа ирызку аҵарадырра аҳасабала, — аксиомақәа реиԥш атеориа ашьаҭаҿы ишьҭоу рхаҭа-ԥсаҭа... Аматематика абстракттә формақәа – аматематикатә структурақәа иреизгоуп.

Герман Веиль аматематика амаҭәар зегьы еицырзеиԥшу шьақәырӷәӷәагак аҭара алшара рацәак угәы шьҭызхша ахәшьара изамҭеит:

Аматематика ашьаҭа акреи уи аҵыхәтәанӡа изакәыҵәҟьои ирызку азҵаара иаартны иаанхоит. Ҳара иҳаздырӡом ари азҵаара аҵыхәтәанӡа аҭак аԥшаара алзыршо хырхарҭак, насгьы ҳазыԥшызар ҳалшоу иҳалымшоу ас еиԥш иҟоу «аҵыхәтәантәи» аҭак знымзар зны иҳауны аматематикцәа зегьы ирыдыркылап ҳәа.

“Аматематизациа” ауаҩы иҟазаратә ԥсҭазаара ацәырҵрақәа иреиуаны иаанхар алшоит, амузыка арҳәара, мамзаргьы алитературатә рҿиара реиԥш, илашаны, ихьыԥшымкәа, аха уи аҭоурыхтә ԥеиԥшқәа заатәи азԥхьагәаҭара иаднакылаӡом, ииашангьы изыҟалом[15].

Аматематика аҟәшақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Аматематика аҟәшақәа

1. Аматематика арҵагатә дисциплина аҳасабала Урыстәылатәи Афедерациаҿы еиҟәшоуп абжьаратәи ашкол аҿы ирҵо алагарҭатә математикеи, еиҿкаау адисциплинақәа рыла:

иреиҳау аматематикеи, аҵараиурҭақәа рҿы аматематика иатәым азанааҭқәа рҟны ирҵо. Иреиҳау аматематика иаҵанакуа адисциплинақәа азанааҭ зеиԥшроу еиԥш рҽырыԥсахуеит.

Аматематика азанааҭ ала аҵаратә программа шьақәгылоуп анаҩстәи арҵагатә дисциплинақәа рыла[16]:

2. Урыстәылатәи Афедерациа аҵареи аҭҵаарадырреи Рминистрра ала аматематика аҵарауаа рзанааҭ аҳасабала ахырхарҭаақәа рыла еиҟәшоуп[17]:

3. «Аҭҵаарадырратә усумҭақәа асистема рыҭаразы» ахархәара аиуеит иуниверсалтәу ажәабактәи аихшара аҟәша "Аматематика"[18].

4. Америкатәи аматематикатә еилазаара аматематика аҟәшақәа реихшаразы ахатә ԥҟара аԥнаҵеит. Уи иахьӡуп. Ари аԥҟара лассы-лассы аҽарҿыцуеит. Уажәтәи аверсиа абри ауп. Аԥхьатәи аверсиа -.

Ихадароу астатиа: Аматематикатә дырга

Аматематика даара еиуеиԥшым, насгьы даара иуадаҩу аструктурақәа аус рыднаулоит аҟнытә, уи арбагатә дыргақәа рсистемагьы кырӡа иуадаҩуп. Иахьатәи аформулақәа рҩыратә система шьақәгылеит европатәи алгебратә традициа ашьаҭала, иара убасгьы аматематика аҟәшақәа рнаҩс ицәырҵыз аҭахрақәа рышьаҭала - аматематикатә анализ, аматематикатә логика, арацәақәа ртеориа, уҳәа убас иҵегьы. Агеометриа шәышықәсала лабҿабатәи аҿырԥштәы ахы ианархәон. Ҳаамҭазтәи аматематикаҿы иара убас аларҵәара рымоуп иуадаҩу аграфикатә анҵамҭатә системақәа (иаҳҳәап, акоммутативтә диаграммақәа), аграфқәа шьаҭас измоу арбагатә дыргақәагьы лассы-лассы ахархәара роууеит.

Ихадароу астатиа: Аматематика аҭоурых
Image
Кирик Новгородец. «Ауаҩы ашықәсқәа рхыԥхьаӡара злеидырша амҩақәҵарақәа». Анапылаҩыра. Абӷьыц 345 (иаарҳәны). Иаҵанакуеит ажәытә урыс хыԥхьаӡарақәа
Image
Кипу, инкаа ахыԥхьаӡарақәа рҭаҩразы рхы иадырхәоз

Академик А. Н. Колмогоров аматематика аҭоурых азы абри аҩыза аструктура аԥшьигеит:

  1. Аматематика аира апериод, уи цонаҵы имаҷымкәа афакттә материал еизган;
  2. Ҳара ҳера ҟалаанӡа 6-5-тәи ашәышықәсақәа рзы иалагаз, XVI-тәи ашәышықәса анҵәамҭан ихыркәшахаз алагамҭатә математика апериод («XVII-тәи ашәышықәса алагаанӡа аматематика зыҟны аус амаз аилкаарақәа рҭаҵәах, иахьатәи аамҭазгьы алагарҭатәи абжьаратәи ашколқәа рҟны изхысуа «имариоу аматематика» шьаҭас иамоуп»);
  3. Аҽеиҭакқәа рматематика апериод, 17-18-тәи ашәышықәсақәа зҵазкуа, ««иреиҳау аматематика» аамҭа ҳәагьы ахьӡ аҟынтәи иазаҳҳәар ауеит»»;
  4. Ҳаамҭазтәи аматематика апериод —19-тәии 20-тәии ашәышықәсақәа рзтәи аматематика, аматематикцәа “аматематикатә ҭҵаарақәа рзанааҭ арҭбаара апроцесс хдыррала иазнеит, зеиԥш знеишьала ахыԥхьаӡаратә еизыҟазаашьақәеи аҭыԥҭаӡаратә формақәеи систематикала рыҭҵаара адҵа рҿаԥхьа иқәдыргылар акәхеит».
Image
Маиаа рхыԥхьаӡарақәа

Ауаҩы иарбанзаалак ҩаӡара ҳаракык змоу абстракциақәа рхархәара даналага инаркны аматематика аҿиара иалагеит. Имариоу абстракциа — аԥхьаӡацқәа роуп; ҩ-ҵәаки ҩ-патырқалки, аиԥшымзаарақәа шрымоугьы, еицырзеиԥшу акы шрымоу аилкаара, ҷыдала, урҭ рыҩбагьы уаҩык инапқәа рыҩбагьы ишырну ахаҿы аагара — ауаҩытәыҩса ихәыцразы еихьӡара нагоуп. Ажәытәуаа хазы игоу амаҭәарқәа рыԥхьаӡашьа ахьырҵаз адагьы, урҭ иара убасгьы рыхшыҩ азцеит бла иамбо ахыԥхьаӡарақәагьы реилкаашьа, иаҳҳәап: аамҭа, амшқәа, ашықәс аамҭақәа, ашықәсқәа. Имариоу аԥхьаӡара инаркны аритметика ԥсабарала аҿиара иалагеит: аицҵара, аигырхара, ашьҭыхра, ашара.

Аматематика аҿиара аҩыреи ахыԥхьаӡарақәа рынҵашьа адырреи иабзоуроуп. Иҟалап ажәытәуаа аханатә анышә аҿы ацәаҳәақәа ҭыхны, мамзаргьы амҿы ианҵаны ахыԥхьаӡара аадырԥшуазҭгьы. Ажәытәтәи инкцәа, даҽа ҩышьатә системак рымаӡамкәа, ахыԥхаӡаратә рбагақәа гәаныла рхаҿы иааганы игәныркылон, кипу ҳәа хьӡыс измаз иуадаҩу ашаха еиқәҳәалақәа рсистема ахархәарала. Иҟан еиуеиԥшым аԥхьаӡаратә системақәа рацәаны. Раԥхьаӡа идыру аԥхьаӡацқәа рҭаҩрақәа рыԥшааит Аҳмес ипапирус аҟны, Абжьаратәи Аҳра мысраа иаԥырҵаз. Индтәи ацивилизациа иаԥнаҵеит ҳаамҭазтәи ажәабацтәи ахыԥхьаӡаратә система, уи ноль аконцепциагьы аҵанакуан.

Ҭоурыхла хадаразлоу математикатә дисциплинақәа цәырҵит амалырҳара ахырхарҭаҿы, адгьыл ашәараҿы, астрономиатә цәырҵрақәа разԥхьагәаҭараҿы, анаҩс, афизикатә дҵа ҿыцқәа рыӡбараҿы аҳасабрақәа рымҩаԥгаразы иҟалаз аҭахрақәа инарықәыршәаны. Абарҭ ахырхарҭақәа зегьы рыцыԥхьаӡа аматематика мҽхакыҭбаала аҿиараҿы аус ду нарыгӡоит, аструктурақәеи, аҭыԥҭаӡарақәеи аиҭакрақәеи рыҭҵаараҿы ихымԥадатәуп.

Аматематика афилософиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Аматематика афилософиа

Ахықәкқәеи аметодқәеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аматематика формалтә бызшәала иҭнаҵаауеит ахаҿы иаагоу, иидеалтәу аобиектқәеи урҭ дара-дара реиҿцаареи. Азеиԥш ҳәаақәа ирҭагӡаны, аматематикатә еилкаарақәеи атеоремақәеи ацәеижьтә дунеи аҟны изакәызаалакгьы акы иашьашәалалар ауп ҳәа хымԥадатәи ааԥҟара ыҟам . Аматематика ахархәаратә ҟәша ихадоу адҵа – изҵо аобиект иазыманшәалоу ​​аматематикатә модель аԥҵара ауп. Аматематик-теоретик идҵа – уи ахықәкы анагӡаразы иахьынӡауала иманшәалоу ахархәагақәа реизгала аиқәыршәара ауп.

Аматематика ҵакыс иамоуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит аматематикатә модельқәеи урҭ раԥҵаразы амыругақәеи рсистема. Аобиект амодель уи ацәаҩақәа зегьы хшыҩзышьҭра рынаҭаӡом, аҵара ахықәказы еиҳа ихымԥадатәу (иидеалу) мацара роуп изызхәыцуа. Иаҳҳәап, апырпыл афизикатә ҟазшьарбақәа анҭаҳҵаауа, уи аԥштәи агьамеи ҳхаршҭны ампыл еиԥш ҳазхәыцыр ҳалшоит (зынӡа ишыҟаҵәҟьоу акәымзаргьы). Апатырқалқәа ҩбеи хԥеи еицаҳҵар, шаҟа патырқал ҳаууа еилаҳкаарц ҳҭахызар — усҟан аҭеиҭыԥш азхәыцра ҳхаршҭны, амодел аҟазшьа — ахыԥхьаӡара заҵәык азныжьны ҳхаҿы иааҳгоит. Азеиԥш формала абстракциеи аобиектқәа рыбжьара аимадара ашьақәыргылареи —аматематикатә ҟазара ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп.

Иҟоуп абстракциа иацу даҽа хырхарҭакгьы —азеиԥшеизгара. Иаҳҳәап, n-еизшәага змоу аҭыԥ аҳәааҭаӡара аҟынӡа «аҳәааҭаӡара» аилкаара азеиԥшеизгара. "Аҳәааҭаӡара математикатә хыҭҳәаауп. Иазгәаҭатәуп, уи ахыҭҳәаа уамашәа иубартә иссируп, иуадаҩу ацәырҵрақәа математикала реилыргаразы алшара унаҭоит»[19].

Аматиматикаҩнуҵҟатәи ацәеижьқәа рыҭҵаара, ԥҟарак аҳасабала, имҩаԥысуеит аксиоматикатә метод ахархәарала: аханатә иҭырҵаауа аобиектқәа рзы шьаҭанкылатәи аилкаарақәеи аксиомақәеи рсиа шьақәдыргылоит, анаҩс ,аксиомақәа рыҟнытә, алкаа аԥҟарақәа рыцхыраарала ҵакы змоу атеоремақәа роууеит, еицыланы аматематикатә модель шьақәзыргыло.

Ихадароу астатиа: Аматематика ашьаҭақәа

Аматематика аҵакыи ашьаҭақәеи рызҵаара Платон ихаан аахыс алацәажәарақәа цон. XX-тәи ашәышықәса инаркны, аматематикатә шьақәырӷәӷәара иашаҵәҟьа ҳәа иԥхьаӡоу иазкны еиқәшаҳаҭрак аҳасабала иԥхьаӡазар алшо зеиԥш гәаанагарак ҟалеит, аха аматематикаҿы аханатә ииашоуп ҳәа иԥхьаӡатәу аганахьала аилибакаареи аиқәшаҳаҭреи зыҟамлаӡеит. Абраантәи рҿаархеит аҳәоуеиқәымшәарақәагьы, аксиоматикеи аматематика аҟәшақәа реимадареи рызҵаарақәа рҟны еиԥш, ашьақәырӷәгӷәараан хархәара зҭатәу алогикатә системақәа ралхра азҵаараҿгьы.

Агәҩара зҵоу адагьы, ари азҵаара аганахьала анаҩстәи азнеишьақәагьы алкаауп.

Арацәа-теориатә знеишьа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Арацәақәа ртеориа

Аматиматикатә обиектқәа зегьы арацәақәа ртеориа аҳәаақәа ирҭагӡаны рыхәаԥшра иазкуп, еиҳа лассы-лассы Цермелои — Френкели раксиоматика иацны (иҟоуп уи еиԥшу аксиомақәа рацәаны) Ари азнеишьа XX-тәи ашәышықәса азбжа инаркны еиҳа аԥыжәара аман ҳәа иԥхьаӡан, аха ишыҟаҵәҟьоу ала, аматематикатә усумҭақәа реиҳарак ргәаанагарақәа арацәақәа ртеориа абызшәахьы аиҭагара хыдҵас ирымаӡам, аха аматематика аҟәшақәак рҟны ишьақәыргылоу аилкаарақәеи аҵабыргқәеи рыла аус руеит. Абасала, аизгақәа ртеориаҿы еиқәымшәарак ԥшаахаӡаргьы, уи алҵшәақәа реиҳарак рхәыдатәра аанагаӡом.

Ихадароу астатиа: Алогицизм

Ари азнеишьаҿы аматематикатә обиектқәа реихшанҵа џьбара хадара ауеит. Апарадоксқәа жәпакы, арацәақәа ртеориаҿы иҷыдоу амаанақәа рхархәара мацарала узыцәцо, зынӡагьы ҟалашьа рымамкәа иаақәгылоит.

Ихадароу астатиа: Аформализм (аматематика)

Ари азнеишьа аклассикатә логика шьаҭас иҟаҵаны аформалтә системақәа рыҭҵаара иазкуп.

Ихадароу астатиа: Аинтуиционизм

Аинтуиционизм агәынхәҵысҭара) аматематика ашьаҭаҿы иамоуп аинтуиционисттә логика, ашьақәырӷәӷәаратә хархәагақәа рыла еиҳа аԥкрақәа змоу (аха, ишыԥхьаӡоу ала, еиҳа игәрагоу ). Аинтуиционизм аиҿагылара аганахьала ашьақәырӷәӷәара мап ацәнакуеит, иӡбашьаԥшааратәым ашьақәырӷәӷәарақәа рацәаны ҟалашьа рымамкәа иҟалоит, арацәақәа ртеориа апроблемақәа рацәаны — ҵакыдахоит (аформализациа зымуа).

Аконструктивтә математика

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Аконструктивтә математика

Аконструктивтә математика – аинтуиционизм иазааигәоу, аконструктивтә ргыларақәа ҭызҵаауа аматематика иахырхарҭоуп. Аргылара аизшәара инақәыршәаны, “‘аҟазаара — аргылазаара аҵанакуеит.” Аконструктивра аизшәара еиҳа иӷәӷәоу дҵоуп, ажәаҳәаҿамԥара аизшәара аасҭа[20][21].

Аԥхьаӡац (ахыԥхьаӡара)

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Ахыԥхьаӡара

Ахыԥхьаӡара абстракциа хшыҩзышьҭра азҭо атема хада алгебра ауп. Аилкаара “аԥхьаӡац” аханатә арифметикатә дунеихәаԥшрақәа рҟынтәи иааит, насгьы аԥсабаратә ԥхьаӡацқәа ирыҵанакуан. Анаҩс, алгебра ацхыраарала, уи хәыҷы-хәыҷла еизаку, ирационалтәу, ииашаҵәҟьоу, еизаку уҳәа егьырҭ аԥхьаӡацқәа рҟынгьы хархәара аиуит.

Иԥсабаратәу ахыԥхьаӡарақәа
Еилоу ахыԥхьаӡарақәа
Арационалтә хыԥхьаӡарақәа
Ахыԥхьаӡараҵәҟьақәа
Акомплекстә хыԥхьаӡарақәа Акватернионқәа

Ахыԥхьаӡарақәа - Аԥсабаратә хыԥхьаӡарақәаЕибгоу ахыԥхьаӡарақәа - Арационалтә хыԥхьаӡарақәа - Аиррационалтә хыԥхьаӡарақәа - Алгебратә хыԥхьаӡарақәа - Атрансценденттә хыԥхьаӡарақәаАлыҵтә хыԥхьаӡарақәа - Акомплекстә хыԥхьаӡарақәа - Агиперкомплекстә хыԥхьаӡарақәа - Акватернионқәа - Аоктонионқәа - Аседенионқәа - Агиперреалтә хыԥхьаӡарақәа - Асурреалтә хыԥхьаӡарақәаАпериодикатә хыԥхьаӡарақәа(?) — Аматематикатә ҭышәынтәалақәаАԥхьаӡацқәа рыхьӡқәаНҵәаразқәымАшьаҭақәа


Ихадароу астатиа: Аиҭакра (аматематика)

Анализ аиҭакрақәеи аԥсахрақәеи рцәырҵра еизадоу хаҿрала иахәаԥшуеит.

Image Image
Арифметика Адифференциалтәи аинтегралтәи ԥхьаӡара Авектортә анализ Анализ
Image Image
Адифференциалтә еиҟаратәрақәа Адинамикатә системақәа Ахаос атеориа

АритметикаАвектортә анализАнализАшәагаатә теориаАдифференциалтә еиҟаратәрақәаАдинамикатә системақәаАхаос атеориа

Ихадароу астатиа: Аматематикатә еилазаашьа

Арацәақәа ртеориаАцәаҳәатә алгебраАзеиԥш алгебра (уи ахыԥхьаӡараҿы агәыԥтә теориа, ахырхарҭазегьтәи алгебра, акатегориақәа ртеориа) — Алгебратә геометриаАԥхьаӡацқәа ртеориаАтопологиа.

Аҭыԥҭаӡаратә еизыҟазаашьақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Агеометриа аҭыԥҭаӡаратә еизыҟазаашьақәа рышьаҭақәа ҭнаҵаауеит. Атригонометриа атригонометриатә функциақәа рҟазшьақәа ҭнаҵаауеит. Адифференциалтә геометриааматематикатә анализ ахархәарала агеометриатә цәеижьқәа рыҭҵаара иазкуп. Адеформациақәа раан имеиҭашәо аҭыԥҭаӡарақәа рҟазшьақәеи аиԥымҟьара ацәырҵра ахаҭеи атопологиа иҭнаҵаауеит.

Image Image Image Image Image Image
Агеометриа Атригонометриа Адифференциалтә геометриа Атопологиа Афракталқәа Ашәагатә теориа

АгеометриаАтригонометриаАлгебратә геометриаАтопологиаАдифференциалтә геометриаАлгебратә топологиаАцәаҳәатә алгебраАфракталқәаАшәагатә теориа.

Адискреттә математика

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Адискреттә математика

Адискреттә математика иаҵанакуеит хазы игоу (адискреттә) аҵакқәа мацара (даҽакала иуҳәозар, маҷ-маҷ аҽыԥсахра злымшо ацәеижьқәа) зҵазкуа аобектқәа рыҭҵааратә хархәагақәа[22].

Image Image Image
Аматематикатә логика Аҳасабрахара атеориа Акриптографиа Аграфқәа ртеориа

АкомбинаторикаАрацәақәа ртеориаАихацқәа ртеориаАматематикатә логикаАҳасабрахара атеориаАкриптографиаАфункционалтә системақәа ртеориаАграфқәа ртеориаАлгоритмқәа ртеориаАлогикатә хыԥхьаӡаараАинформатика

Аматематика ахырхарҭаҿы аихьӡарақәа рзы иранаршьо рахьынтә зегь реиҳа пату зқәу аԥхьахә, зны-зынла «Нобель ипремиа аматематикцәа рзы» ҳәа изышьҭоу, 1924 шықәсазы иаԥҵаз, ԥшьышықәса рахь знык 15 000 Канадатәи адолларқәа рыла аԥаратә ҳамҭа ацҵаны ирырҭо Филдс ипремиа ауп. Жәларбжьаратәи аматематикцәа Рконгресс аартра ацеремониаҿы изанашьахаз рыхьӡқәа рыларҳәоит аматематикаҿы аихьӡарақәа рзы апремиақәа ԥшьба:

Уи адагьы, 2010 шықәса инаркны аконгресс ахыркәшараан аматематика аларҵәаразы Лилавати ихьӡ зху апремиа ранаршьоит.

2000 шықәсазы Клеи ихьӡ зху Аматематикатә Институт аматематикатә дҵақәа быжьба рсиа рыланаҳәеит, доус зыӡбаразы аҳамҭа долларла 1млн ақәу [23].

Адыррақәа реихшанҵа асистемақәа рҿы иҟоу ахыԥхьаӡарамаӡақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Апрограмматә еиқәыршәара

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аматематикатә программтә еиқәыршәара ганрацәалатәиуп:

  • Аматематикатә текстқәа рылхреи анаҩс урҭ авиорстка рзыҟаҵареи ирызку апакетқәа (TeX)
  • Аматематикатә дҵақәа рыӡбара, ахыԥхьаӡаратә модельшьақәыргылара, агрифқәа рыргылара ирызку апакетқәа (GNU Octave, Maple, Mathcad, MATLAB, Scilab).
  • Аелектронтә еиҵаҩрақәа.
  • Аматематикатә методқәа зхы иазырхәо хазы игоу апрограммақәа ма апрограмматә пакетқәа (аҳасабга, архивеизгага, ашифрркра/ашифрҭыхра апротоколқәа, аҭеиԥш аилкааратә системақәа, аудио-видео хыԥхьаӡарамаӡаркра).


Аҭҵаарадырра аларҵәаҩцәа
  1. "μαθηματικα, μαθηματικα перевод". www.classes.ru. Иархивтәоу аоригиналзы 2018-08-09 ахь. Ириашоу 2017-09-20 шықәсазы.
  2. "mathematics | Definition, History, & Importance | Britannica". www.britannica.com (англыз бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 2018-01-03 ахь. Ириашоу 2022-01-13 шықәсазы.
  3. Математика : [арх. 3 ажьырныҳәамза 2023] // Большая российская энциклопедия : [в 35 т.] / гл. ред. Ю. С. Осипов. — М. : Большая российская энциклопедия, 2004—2017.
  4. 4,0 4,1 Бурбаки Н. Архитектура математики. Очерки по истории математики / Перевод И. Г. Башмаковой под ред. К. А. Рыбникова. М.: ИЛ, 1963. С. 32, 258.
  5. "mathematics | Definition & History". Encyclopedia Britannica (англыз бызшәала). Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2008-07-03 ахь. Ириашоу 2017-09-20 шықәсазы.
  6. "Глава 2. Математика как язык науки". Сибирский открытый университет. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2012-01-24 ахь. Ириашоу 2010-10-05 шықәсазы.
  7. Панов В. Ф. Математика древняя и юная. — Изд. 2-е, исправленное. — М.: МГТУ им. Баумана, 2006. — С. 581—582. — 648 с. — ISBN 5-7038-2890-2.
  8. "Большой древнегреческий словарь (αω)". slovarus.info. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2013-02-12 ахь. Ириашоу 2017-09-20 шықәсазы.
  9. "Математика". classes.ru. Иархивтәоу аоригиналзы 2017-09-15 ахь. Ириашоу 2017-09-20 шықәсазы.
  10. Словарь русского языка XI—XVII вв. Выпуск 9 / Гл. ред. Ф. П. Филин. — М.: Наука, 1982. — С. 41.
  11. Декарт Р. Правила для руководства ума. М.-Л.: Соцэкгиз, 1936.
  12. René Descartes' Regulae ad directionem ingenii. Nach der Original-Ausgabe von 1701 herausgegeben von Artur Buchenau. — Leipzig, 1907. — P. 13.
  13. 13,0 13,1 Математика / А. Н. Колмогоров // Большая Советская Энциклопедия / гл. ред. Б. А. Введенский. — 2-е изд. — М. : Государственное научное издательство «Большая Советская Энциклопедия», 1954. — Т. 26 : Магнитка — Медуза. — С. 464—483. — 300 000 экз.
  14. «Чистая математика имеет своим объектом пространственные формы и количественные отношения действительного мира» в источнике: Маркс К., Энгельс Ф. Анти-Дюринг // Сочинения. — 2-е изд. — М.: Государственное издательство политической литературы, 1961. — Т. 20. — С. 37. — 130 000 экз.
    Оригинал цитаты (нем.) — «Die reine Mathematik hat zum Gegenstand die Raumformen und Quantitätsverhältnisse der wirklichen Welt» — в источнике: Friedrich Engels. Herrn Eugen Dühring's Umwälzung der Wissenschaft. — Leipzig, 1878. — P. 20. — [Архивировано 16 лаҵарамза 2019 года.]
  15. Герман Вейль // Клайн М. Математика. Утрата определённости. — М.: Мир, 1984. — С. 16. — [Архивировано из оригинала 12 жәабранмза 2007 года.] "Архивированная копия". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2007-02-12 ахь. Ириашоу 2009-01-12 шықәсазы.
  16. Государственный образовательный стандарт высшего профессионального образования. Специальность 01.01.00. «Математика». Квалификация — Математик. Москва, 2000 (Составлено под руководством О. Б. Лупанова)
  17. Номенклатура специальностей научных работников, утверждённая приказом Минобрнауки России от 25.02.2009 № 59
  18. "УДК 51 Математика". Иархивтәоу аоригиналзы 2009-08-26 ахь. Ириашоу 2009-09-07 шықәсазы.
  19. Я. С. Бугров, С. М. Никольский. Элементы линейной алгебры и аналитической геометрии. М.: Наука, 1988. С. 44.
  20. Н. И. Кондаков. Логический словарь-справочник. М.: Наука, 1975. С. 259.
  21. Г. И. Рузавин. О природе математического знания. — М., 1968.
  22. Renze, John; Weisstein, Eric W. Discrete Mathematics (англ.) на сайте Wolfram MathWorld.
  23. "Mathematics Prizes". Wolfram MathWorld. Иархивтәоу аоригиналзы 2019-06-02 ахь. Ириашоу 2019-07-07 шықәсазы.
  24. "Электронная библиотека LibOk.Net - читать онлайн и скачать книги бесплатно". www.gsnti-norms.ru. Ириашоу 2017-09-20 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: url-status (link)
Аенциклопедиақәа
Анапхгаратә шәҟәқәа
  • А. А. Адамов, А. П. Вилижанин, Н. М. Гюнтер, А. Н. Захаров, В. М. Мелиоранский, В. Ф. Точинский, Я. В. Успенский. Сборник задач по высшей математике преподавателей Института Инженеров Путей Сообщения. — СПб., 1912.
  • Шахно К. У. Справочник по элементарной математике. — Л., 1955.
  • Г. Корн, Т. Корн. Справочник по математике для научных работников и инженеров. — М., 1973.
Ашәҟәқәа
Арлахҿыхга аматематика
  • Бобров С. П. Волшебный двурог. — М.: Детская литература, 1967. — 496 с.
  • Дьюдени Г. Э. Кентерберийские головоломки; 200 знаменитых головоломок мира; Пятьсот двадцать головоломок.
  • Кэррол Л. История с узелками; Логическая игра.
  • Таунсенд Чарлз Барри. Звёздные головоломки; Самые весёлые головоломки; Самые трудные головоломки из старинных журналов.
  • Перельман Я. И. Занимательная математика.