Перейти к содержанию

Аҟазара

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Image Ари атермин «Аҟазара» даҽа ҵакқәакгьы амоуп, Шәахә. иара убас: Аҟазара (аҵакырацәара).
Image
Асааҭ ахыц ала: 1887 шықәсазтәи Винсент Ван Гог иавтопортрет; чокве ажәлар рсахьаҭыхҩы иусумҭа аԥҳәыс лсахьа; Сандро Боттичелли иҭыхымҭа ахәҭа «Венера Лира»; окинавтәи алым Сиса
Image
Винсент Ван Гог. Аҵх ҵәца, 1889 ш.
Image
Поль Сезанн. Бибемус, ахра ҟаԥшь, 1895 ш.[1]

Аҟазара (аур. искусство, ажә. слав. искоусъ — ахыхра, аԥышәа, аԥышәара[2][3]) - аестетикеи аҟазаҭҵаареи еиҳа еицырзеиԥшу акатегориақәа ируакуп.

Абжьааԥны аҟазара ҳәа ирыԥхьаӡоит аҵабыргхаҭа исахьаркны азхәыцра, апроцесс, иара убасгьы аҩнуҵҟатәии адәахьтәии адунеихәаԥшра аихшьала аарԥшра (Арҿиаҩы иганахьала)[4]. Ус анакәха, аҟазара - ари автор ихаҭа иакәымкәа, егьырҭ ауаа ринтересқәагьы аазырԥшуа арҿиаратә усуроуп. Николаи Чернышевски иҩуан «Аԥсҭазаараҿы аинтерес змоу - уи ауп аҟазара аҵакы»[5]. «Аҟазара ҳәа изышьҭоу анашана» зынӡаск даҽакала иҳәаақәиҵон Владимир Набоков: «Адунеизегьтәи ашәаагақәа рсистемаҿы иҟоуп убри аҩыза аангыларҭа, асахьаркыратә хәыцреи адырреи ахьеилало аҭыԥ. Уи аҟынӡа ҳара ҳнаӡоит амаҭәар дуқәа анҳармаҷуа, амаҷқәа ианҳардууа. Ари аангыларҭа аҟазара ахаҭа ауп»[6]. Аҟазаҭҵаареи уи иадҳәалоу аилкаарақәеи рҳәаақәа ирҭагӡаны, ас еиԥш иҟоу аҳәаақәҵақәа рҟны еилаӡҩоит зымҽхак ҭбаау еиуеиԥшым ахәыцрақәа рҵакқәа: аҟазара, асахьаркра, аныԥшра, исахьарку ахәыцра, арҿиара[7].

Аҟазара аҵабыргхаҭа цәырҵрак аҳасабала аҳәаақәҵареи ахәшьара аҭареи (аҟазаареи ахдырреи) – ари акраамҭатәи аиҿцәажәарақәа ирымаҭәаруп. Аҟазара аилкаара аҽаԥсахуан афилософиатә, асоциалтә, аестетикатә нормақәеи ахәшьарақәеи ирышьашәаланы. Акыраамҭа аҟазара ауаҩы иссиру ахь имоу абзиабара аазырԥшуа акультуратә усураны ирыԥхьаӡон[8]. Ари аганахьала аҟазара ҳәа иашьҭоуп заалыҵ  аестетикатә гәахәара узҭо аҟазара. Британникатәи аенциклопедиа иҳәаақәнаҵоит: «Аестетикатә аобиекҭқәеи, аҭагылазаашьақәеи, мамзаргьы еиуеиԥшым аусқәеи  раԥҵаразы рхы иадырхәоит аҟазара ма асахьаркыратә хәыцра, уи егьырҭ ауаа ирыцеиҩшахарц алшоит»[9]. Аха асоциалтә нормақәа, аетикатәи, аестетикатә хәшьарақәеи рыҿиашьа иацны, аестетикатәи асахьаркыратә ҵаки рымацара акәымкәа, иарбанзаалак аусура еиуеиԥшым исахьарку аформақәа аԥызҵо аҟазара ҳәа ахьӡ аиуа азин ҟалеит. Aсовет аамҭазтәи амарксисттә естетика аҳәаақәҵақәа рҿы аҟазара  – аҵабыргхаҭа аилкаареи, аарԥшреи рзы иҷыдоу знеишьоуп, хаҭалатәи ауаажәларратә хдырреи аестетикеи асахьаркыратә усура аформақәа ируакуп, ауаатәыҩса зегьы рдоуҳатә культуратә иахәҭакуп[10]. Абасала, аҟазара егьырҭ ауаа ремоциатә қәҿыҭра аарԥшра ҵакы хаданы иамоуп. Аспециалистцәа абжаҩык ари аилкаара даҽакала иазнеиуеит: аҟазара ҳәа иашьҭоуп хаҭала асахьаркыратә усуреи уи алҵшәа – арҿиаратә ҩымҭеи.

Аетимологиеи асемантикеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Image
Жан Огиуст Доминик Енгр, Ҭырқәтәылатәи аҳамамқәа, 1862 ш.

Аромантә бызшәақәа рҿы иҟоу аналогқәа реиԥш акәымкәа: англ. art, афр. art, аитал. arte и агер. Kunst - аурыс ажәа аҟазара иамоуп еиҳа иҭбаау аҵакқәа: алшара, азҟазара, асахьаркыра, артистизм, аҟазара. Хәыҷы-хәыҷла аҭоурыхтә ҿиареи, ажәақәа рҵакқәа реихшареи рыпроцесс аан аурыс бызшәаҿы ицәырҵит атермин асахьаркыратә («адырра змоу, еилҟьа-еилӷәыцәу, аԥышәа змоу» аготск. аҟынтәи handags-еилҟьа-еилӷәыцәу, иҟәыӷоу; handus-анапы). Аромантә бызшәақәеи иара убас мраҭашәараевропатәи аҟазараҭҵаареи рҿы «аҟазара» «асахьаҭыхра» ҳәа аихшара ыҟаӡам, убри аҟынтә бызшәак аҟынтәи даҽа бызшәак ахь арҭ атерминқәа реиҭагараҿы ауадаҩрақәа цәырҵуеит. Аҟазара, асахьаркыра, алшара, азҟазара, артистизм, шамахамзар еиԥшны еиҭаргоит (англ., афр. art, аиталиа. arte, анем. Kunst). Уигьы еизааигәоу аилкаарақәа рыцхыраарала аҵакқәа реиԥшымзаараҿы алшарақәа шыҟоугьы, иаҳҳәап  «алшара, азҟазара, аԥышәа, азыласра» (англ. skill, афр. compétence, аиталиа. maestria, abilità, анем. Fertigkeit), иара убас «анапҟазара, анапылаҟаҵара» (англ. handicraft, arts and crafts, фр. artisanat, maîtrise, métier).

Аҟазара (ажә. бырз. techne — аҟазара, азҟазара, алшара) «ахшыҩ иаша иашьҭанеиуа рҿиаратә шьцыларак» аҳасабала иҟоу аҳәаақәҵара Аристотель итәуп. Иазааигәоу аҵакы амоуп ажәытәтәи аурыс еилкаара рукомесло; уи аҩызаҵәҟьа аҵакы аанагоит алаҭ. Ars  (иахырҿиааны алаҭ. Artificium), англ. иазааигәоу art инарҭбааны иуҳәозар, «аиқәыршәара» ҳәа аҵакы змоу асинтез. Еиԥшу аетимологиа рымоуп ажәақәа«иԥсабаратәым», «арратә ҟазара», «артиллериа», «артефакт»[11]. Афранцыз шәҟәыҩҩы-аессеист П. Валери«аҟазара» абри аҩыза аилкаара аиҭеит: «Ажәа „аҟазара“ аханатә иаанагоз аусушьа акәын, уаҳа акагьы. Аха ари аилкаара анаҩс аҵакы ҭшәахо иалагеит. Атермин „аҟазара“ хәыҷы-хәыҷла аҵакы ҭшәахо иалагеит, ауаҩы идырратә усурақәа рҿы иҷыдоу аметод ауп иаанарԥшуа иалагаз. Убри аан еиуеиԥшым аԥкрақәа цәырҵит: зыӡбахә ҳәоу аметод иаанагоит асубиект заанаҵы иҽазыҟаҵара, мамзаргьы еицырдыруа иҟазара. Ари аҵакала ҳара ҳалацәажәоит амашьына арныҟәцара аҟазара, мамзар ахәыҟаҵара аҟазара, аԥсыԥ лага-ҩагара аҟазареи аԥсҭазаара аҟазареи. Аха арҭ „аҟазара азнеишьақәа“ зегьы дарбанзаалак еиҟараны издырӡом, убри аҟнытә ажәа „аҟазара“ аҵакы ахаҭабзиареи ахәшьареи реилкаара хадырҭәаауеит»[12].

Аилкаарақәа реизыҟазаашьақәа: аҟазара, аестетикатәи асахьаркыратәиусура

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Асахьаҭыхҩы

Ҭоурыхла, хаҭалатәи ауаажәларратәи ԥсҭазаараҿы аҟаза азҟаза (алаҭ. Homo faber — арҿиаҩы) - напҟазаҩс, техникаҩс, рҿиарала ихәыцуа ԥҵаҩыс дҟалар ҟалоит, аха асахьаркыратә хаҿсахьақәа аԥиҵаӡом.  М. С. Кагана, иҳәаақәҵарала (алаҭ. Homo artifex) — асахьаҭыхҩы, арҿиаҩы - уи асахьаркыратә хаҿсахьала зхатә хаҭара аазырԥшуа, нас еиуеиԥшым аҟазара хкқәа рҿы иназыгӡо иоуп. Исахьарку ахәыцра «асахьаҭыхҩы игәанарԥхоит ицәаныррақәа рҿы иаанхаз аобиеқт ҩынтәны аԥҵара, уи иусумҭақәа рҿы иара ихаҭара аныԥшларц азы»[13]. Абасала аҟазара аилкаара иҵегь аҽарҭбаауеит, уахь иаҵанакуеит асахьаркыратә рҿиара «аҟазара азнеишьақәа» ируакны. «Аестетикатәи» «асахьаркыратәи» еилкаарақәа асинонимқәоуп ҳәа иузыԥхьаӡом, мамзаргьы асахьаркыратә рҿиара «аестетикатә цәырҵра дууп» ҳәа иузҳәом.

Асахьаркыратә хаҿсахьа еснагь иконкреттәуп, хаҭалатәуп (исубиективтәуп) иара убас аемоциа аҵоуп. Иматериалтәу аҟазаратә усураҿы – баша анапҟазара, исахьарку амодель ишаԥу еиԥш ицәырҵӡом. Аестетикатә усура асахьаркыратә хаҿсахьа шьақәнаргылаӡом, иҟаҵәҟьоу аобиектқәеи урҭ рхәыцратә модельқәеи еишьашәалоит ауп. Асахьаркыратә рҿиамҭа аестетикатә усхк аҿы хәҭа-хәҭала иҟазар ҟалоит, мамзар зынӡаск уи аҳәаақәа ирҭыҵыр алшоит, аха аестетикатә усура акәзар, уи асахьаркыратә рҿиара иақәымшәар ҟалоит. Ус, иаҳҳәап, амшын аҟәараҿы ԥшшәы рацәа змоу ахаҳә хәыҷкәа реизгара, мамзар ауадаҿы аҩнымаҭәа аргылара, аҭӡамцқәа рҿы асахьақәа рыкнаҳара зегьы аестетикатә усуроуп, аха асахьаркыратә усӡам. Убри аан ауаҩы аԥшӡара дахӡыӡаауа дызсахьаҭыхыҩхаӡом[14].

Аҟазара, асахьаркра, алшара, азҟазара, артистизм еиԥшны иарбоуп (англ., фр. art, итал. arte, нем. Kunst). Убри аҟнытә мраҭашәараевропатәи аестетикаҿы даҽа категориатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеит, уи еиҳарак иахьатәи аҟазара атеориқәа иҽеимкәа ианыԥшуеит. Иаҳҳәап, «арт-аобиект» аилкаара иаанагар алшоит изакәызаалак зегьы: аҿыханҵатә ма исахьаркым аҟазара, дадаизм, ақәыргылара, боди-арт, реди-меид рырҿиамҭақәа, лассы-лассы аестетикатәи асахьаркыратәи ҟазшьақәеи змам.

Ишьақәгылоуп даҽа концепциак. Убас М.С. Каган аҟазара (иааркьаҿны: арҿиара-рҿиаратә усура) асинкретикатә асахаркыратә усура ихадоу ԥшьганк ируакны дахәаԥшуан[15].

XX ашәышықәса аҩбатәи азбжеи XXI ашәышықәса алагамҭеи рзы аус ҟаза асоциалтә психологиа аганахь ала акәымкәа еиҳа-еиҳа иахәаԥшуа иалагеит афеноменологиа аусхк аҟны, даҽакала иуҳәозар, ауаажәларратә цәырҵра ҷыдак акәымкәа, иаалукааша арҿиаратә хәыцреи, хаҭа-хаҭалатәи ахдырреи раҳасабала[16].

Аилкаара аинтерпритациа аҭоурых

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аиҭарҿиара аепохаан аилкаарақәа аҟазареи (аус ҟаза) зхатә хаҿсахьақәа змоу хаҭалатәи асахьаркыратә усуреи рҽыршоит. Убри аан, актәи, иҭбаау аҵакы ахархәара иаҟәыҵит, уажәшьҭа уи иаанаго еилкааны аҽазыҟаҵара бзиа зҭаху усуп, иаҳҳәап: амашьына аԥсҟы акра аҟазара, ачысҟаҵара уҳәа реиԥш иҟоу.[11]

Аус аҟаза аҟазшьа хадақәа иреиуоуп аматериал аус адулара, атехника аус адулара адагьы, иара убас уаанӡа аԥсабараҿы иҟамыз аматериалқәа рҟазшьақәа рҽеиҭакра, абри атәы иҩуан абельгиатәи амодерн асахьаҭыхҩы Анри Ван де Велде 1910 шықәсазы истатиа «Аԥшӡара апринцип аҳасабала аматериал аԥсы ахаҵара» аҟны . Аха аилкаара «аестетикатәи» «асахьаркыратәи» синонимқәаӡам.[17] Иаҳҳәап, заанаҵы аҩнытә интериер архиара мамзар акы арԥшӡаразы заа иалхны ирхиоу амаҭәарқәа аҟазаратәи аестетикатәи ҟазшьа рымоуп, аха исахьаркӡам. XX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы архиаратә ҟазара адизаин ала иԥсаххеит. Еиуеиԥшым адизаин-проетҟаҵара ахкқәа рыҩаӡарахь иаҵанакуеит атехникатә, аестетикатә, асахьаркыра-хыҭҳәаатә хәыцра аелементқәа, аха уи аамҭазы иҷыданы иаанхоит. Асахьаркыра иазԥхьагәанаҭоит уаанӡа иҟамыз, шьаҭанкыла иҿыцу акы аԥҵара. Аестетикатә усураҿы, М.С.Каган иҳәаақәҵарала: «амаҭәар далаӡҭуеит, ихы ихашҭуеит»; асахьаркыратә аҿы - аҵабыргхаҭа иалаҵәоит ахаҿсахьатә модель аҳасабала аформа аиуеит. Асахьаркыратә хәыцра ауаҩы игәниго ацәырҵрақәа еиҭаԥиҵоит, уи арҿиамҭала иаарԥшуеит, аҩымҭаҿы иара асахьаҭыхҩы ихаҭа иҩнуҵҟатәи адунеи аныԥшыртә еиԥш.[13] Убри аамҭазы асахьаркыратә хаҿсахьа еснагь аԥшӡара иашьҭаӡам, авангардтә ҟазара ахкқәа жәпакы рымч злашьақәдыргыло агармониатә закәанқәа реилагареи аԥшӡара мап ацәкреи роуп, урҭ рахь иаҵанакыр ҟалоит дадаизм, сиурреализм, поп-арт, реди-меид (англ.: «имазеиу амаҭәар»)[11].

Image
Асахьаҭыхҩы Ма Линь, Сун аепоха иаҵанакуа аҿыханҵа аҿырԥшы, 1250 ш. 24,8 × 25,2 см

XIX ашәышықәсанӡа аԥшӡаратә ҟазарақәа ҳәа ирышьҭан асахьаҭыхҩы ибаҩхатәра ма артист илшарақәа раарԥшра, ахәаԥшцәа рҿы аестетикатә цәаныррақәа рызцәыргара,  урҭ «аԥшӡаратә» амаҭәарқәа рыхәаԥшра. Аҟазара апрактитатә ҵакы аҭаны ианаарԥшыз аамҭазы, аҟазара аасҭа еиҳа напҟазароуп ҳәа ирыԥхьаӡон, убри аҟынтәи ицәырҵит атермин «ахархәаратә ҟазара» уи «иԥшӡоу» аасҭа илаҟәны идыргылон[18][19]. Абас ҭоурыхла аҟазара раԥхьатәи асинкретикатә усура аҟынтәи хаз усхкны аҽалнакааит, анаҩс «еиҿкаау» «ахархәаратә»иаҿыҵуан[20].

Аестетика аҭоурых аҿы аҟазара аилкаара амаҭәари аҳәаақәеи рҳәаақәҵара

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҟазара культура ацәырҵрак аҳасабала ахәшьара аҭареи аҳәаақәҵаралеи - уи еихсыӷьра зқәым аиҿцәажәарақәа ирымаҭәаруп. Аромантизм аепоха аамҭазы ҳзышьццылахьоу аҟазара аилкаара «адинхаҵареи аҭҵаарадырреи инарываргыланы ауаҩытәыҩса ихшыҩ аҷыдарақәа» рыла аҽаԥсахит[21]. XX ашә. аестетикатә еилкаараҿы ицәырҵит ихадоу х-знеишьак: ареалисттә, уи излашьақәнаргыло ала аобиект иестетикатә ҟазшьақәа имманентны иҟоуп, насгьы анаԥшыҩгьы ихьыԥшӡам, аобиективисттә, уигьы иара убас аобиект иестетикатә ҟазшьақәа имманентуп, аха ганкахьала анаԥшҩы маҷк ихьԥшуп, иара убас арелиативисттә, уи инақәыршәаны аобиект иестетикатә ҟазшьақәа анаԥшҩы иара аҿы иибо ауп изхьыԥшу, насгьы ауаа аобиектк зынӡаск еиуеиԥшым аестетикатә ҟазшьақәа рбар рылшоит[22]. Ари агәаанагара аҟынтә аобиект аԥҵаҩы игәҭакы инақәыршәаны иҳәаақәҵахар алшоит[23] , иарбан афункциазаалак, изызкызаалакгьы. Иахҳәап, аԥсҭазаараҿы аконтеинерк аҳасабала ахархәара зауа ахраҿа иҟазаратә рҿиамҭаны иԥхьаӡазар алшоит аџьоуҳар ақәҵаразы иаԥҵазар, асахьа аконвеиер аҿы иҭрыжьуазар напҟазаратә напкыманы иҟалар алшоит.

Атермин «аҟазара» иҿыцӡоу аҳәаақәҵарақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Акультурологиатә концепция ҭбаақәа инарықәыршәаны идырны иаԥҵоу зегьы аҟазара ҳәа иахьӡзар ҟалоит. Ари атермин инарҭбаау аҵакы аазырԥшуа аилкаарақәа ыҟоуп: «иԥсабаратәым», «арратә ҟазара», «артиллериа» «артефакт». Инарҭбааны ахархәара змоу егьырҭ ажәақәа жәпакы иашьашәалоу аетимологиа рымоуп. Урыстәылатәи асахьаркыратә Академиа атерминқәа ржәар аредакциа ари аус зегь реиҳа имарианы иаӡбеит: ари атермин зынӡаск иазхьамԥшӡит[24].

Ф. Ницше иҳәаақәҵарала: Аҟазара - «ари аԥсҭазаараҿы аметафизикатә усуроуп»[25].

XX ашәышықәса аҩбатәи азбжеи XXI ашәышықәса алагамҭеи рзы аус ҟаза еиҳа-еиҳа  асоциалтә психологиа аганахьала акәымкәа афеноменологиа аусхк аҿы иахәаԥшуеит, даҽакала иуҳәозар,   ауаажәларратә акәымкәа, хаҭалатәи ахдырреи, даҽакы иаламҩашьо хаҭалатәи арҿиаратә хәыцреи рфеноменк аҳасабала. Аха акульторологиатә еилкаарақәа рҿы еклетикала еиуеиԥшым афилософиатә акатегориақәа еидыркылоит,  досу заанаҵтәи аҳәаақәҵара рҭахуп: «Аҟазара – ари ауаҩы аԥсҭазааратә дунеи ахь имоу аестетикатә знеишьа иадҳәалоу культуратә формоуп, уи иара ирҿиаратә хәыцра шьаҭас иҟаҵаны ахаҿсахьа-символтә ҟазшьала еиҭаԥиҵоит. Адунеи естетикала азнеира - аҟазара иарбан усхкызаалак аҿы асахьаркыратә усура ихаданы иҟоуп. Аԥшӡара ахәшьара аҭара еснагь зегьы рықәшаҳаҭра иашьҭоуп, уи мзызсгьы иамоуп иалкаау амаҭәар аестетикатә цәаныррала иаҵаҵәаху аидеал абара» (Б. Л. Губман)[26].

Авангарди, амодернизм, апостмодернизм рҟазараҿы иара убас  актуалтә ҟазара ҳәа изышьҭоу аҿы аҟазара аматериал заҵәык ауп иԥхьаӡоуп «амаҭәарқәа рцәеижьтә ҭагылазаашьа». Ҿырԥштәыс иааҳгозар, енваиронмент (англ. «акәша-мыкәш») ма реди-меид (англ. «имазеиоу - иҟаҵоу») ҳәа изышьҭоу ахырхарҭақәа рҿы, ахәаԥшҩы ахәмарратә ҭыԥ ахь ихы алархәра «арт-обиектқәа» рыла инаӡоит, аиашазы урҭ еснагь иаҳԥыло маҭәарқәоуп. Амодернисттә контекст аҿы «аобиект аҟазара» аҳәаақәҵара, ҷыдала А.Данто, В. Хофман, Р. Краус, Б. Гроис уҳәа иҵаулоу атрактатқәа рҿы иамоу аҵакы зегьы ацәыӡуеит. Апостмодернисттә естетикаҿы артефакт, мамзар арт-аусура аобиект ҳәа иашьҭоуп иуҭаху аконтекст иашьашәалоу мамзар аҭахрақәа рыла ишьақәыргылоу иарбанзаалак аобиект, уи асахьаҭыхҩы инапы акьымсзаргьы. Ж. Бодриар излаҳәаақәиҵо ала, аҟазаратә рҿиамҭа - ари аҵаки аформеи рыстатус змоу обиектуп: «афункциақәеи аҵаки рыԥхьаӡара иамаҭәарны» иҟало зегьы, даҽакала иуҳәозар аҟазаратә рҿиамҭак аҳасабала ишуҭаху иалху аобиектуп[27].

Б. Латур итеориала ауааи амаҭәарқәеи амаҭәартә дунеи аԥҵараҿы еицалахәуп («Аамҭа ҿыц ыҟамызт. Асимметриатә антропологиазы аессе», 1991). М. Диушаy иқәыргыларақәа рҿырԥштәала акритик Тьерри де Диув ишьақәирӷәӷәоит, аобиектны ма аҟазаратә маҭәарны иарбанзаалак зегьы ҟалар алшоит ҳәа, избанзар «аҟазара аҟынтәи ахьӡ ада акгьы аанымхеит». Иара иажәақәа рыла, «асахьаркыратә ҳәа изышьҭоу аобиекти уи аҩызаҵәҟьа аобиекти реиԥшымзаара злашьақәгылоу ала - руакы аҟазара ҳәа иахьӡҵан, егьи - мап»[28]. Ари аҩыза азнеишьа еиуеиԥшым аилкаарақәа ахьеиҟаранатәуа азы акритика азнауеит, уи иахҟьаны аҟазара аилибаакареи ҭҵаарадыррала аҭҵаареи залыршахом[29].  

Иаагоу аҳәаақәҵарақәа реиҳарак рҿы аҟазара аилкаара даараӡа иҭбаахоит, асахьаркыратә рҿиара «аҟазара азнеишьақәа» ируакны уахь иаҵанакуеит. Иҟоуп даҽа концепциакгьы. М. С. Каган 1974 шықәсазы ишәҟәы «Ауаҩытәыҩсатә усура» аҟны иҳадигалеит асахьаркыратә рҿиара азеиԥш ҷыдарақәа ҳаилзыркаауа асхема. Иара игәаанагарала, уи еиднакылоит ауаҩытәыҩсатә усхк хадақәа ԥшьба:

    • адырратә ма агносеологиатә усура,
    • ахәшьара-ориентациатә (аестетикатә),
    • арҿиара-рҿиаратә (асинергетикатә),
    • акоммуникативтә (аицәажәаратә аусура).

Арҭ ахкқәа зегьы хаз-хазны ауаҩытәыҩсатә усура хкы аадырԥшуеит. Арҭ аԥшьхәҭак реимадараан ицәырҵоит иҷыдоу аилкаара - асахьаркыратә рҿиамҭа. Уи ганкахьала адунеиеилкаарагьы, аԥшӡара аԥшаарагьы, аԥҵарагьы, аимадара аусурагьы зегьы еиднакылоит. Уи хәҭак еиҳа аԥыжәара агоит аха акзаара еиқәхоит. Иаҳҳәап асахьаркыратә ҩымҭа еснагь иԥшӡамзаргьы ҟалоит, уи аамҭазы аԥшӡара асахьаркыратә хаҿсахьа алазаара уалны иадӡам[30].

Ус шакәугьы авторцәа реиҳараҩык «аҟазара асахьаркыратә рҿиамҭак аҳасабала» иалыркаауеит абарҭ акритериа хадақәа:

  • ауаҩы ирҿиаратә усура ихадоу ԥшь-ганк ракзаара (агносеологиатә, ахәшьаратә-ориентациатә, арҿиара-рҿиаратә, акоммуникативтә);
  • аформеи аматериали ҟазарыла аус рыдулара;
  • акомпозициатә структура аҟазаара;
  • форма асахьаркыратә-хаҿсахьа змогу аҵакы;
  • асахьаркыратә форма аестетикатә ҟазшьақәа[31][32].

Аҟазара аҭоурыхтә морфологиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аморфологиа (аформа иазку аҵара) аҟазараҭҵаара ахкқәа хадақәа ируакуп. Аха ажәа аҵакы зеиԥшразаалакгьы иара аҟазара акатегориақәеи, аклассқәеи, ахкқәеи, ажанрқәа рсистемеи аҳасабала аҭҵаара зԥхьагәанаҭоит. Атермин «аморфологиа» XVIII ашәышықәса анҵәамҭазы И.В. Гиоте аԥсабараҭҵааратә ԥшаарақәа рҿы ихы иаирхәеит, анаҩс атермин афилософиеи, алигвистикеи, афилологиеи иара убас акультуралогиеи рҿы ахархәара аиуеит.1972 шықәсазы иҭыҵит «Аҟазара аморфолиа» захьӡу М. С. Каган иусумҭатә ҭҵаара. Аҟазара хкқәа зегьы рыҿиареи рышьақәыргылареи рзеиԥш схема абас иҟоуп. Аԥхьаҵәҟьа, аестетикатә еиҳарак асахьаркыратә хдырра шьақәгылаанӡа аҟазара злаз аусура синкретла аҽаԥсахуан. Уи ажәытә дыррақәеи, акьысранырра-ҵысратә, аритуалтә, ахәмарратә, акоммуникативтә уҳәа афункциақәа еиднакылон. Аҭҵааҩцәа заатәи абаҟақәа «аҟазара ҟалаанӡа» ҩ-гәыԥ дуны иршоит: «еиҭаҵуа»: аскульптуркақәа, амаругақәа раорнамент (афр. L’art mobilier), «аҭӡытә», абахә сахьақәа (афр. L’art pariétal), мамзаргьы «апариеталтә ҟазара»[33]. Иара убасгьы иҟоуп атеориа агыгшәыг «иԥсабаратәу амакет» аԥҵара ашьаҭала аҟазара ауаҩы ижәытәӡатәиу иусура иахылҵит ҳәа[34].

Аҟазараҭҵаара аҭоурых аҿы аморфологиатә системақәа имаҷымкәа аус рыдулоуп[35]. Антикатә аамҭазы аҟазарқәа еихыршон амусикатә (уи Аполлони амузақәеи зхылаԥшуаз), амеханикатә, мамзаргьы асервильтә (араб) ҟазарақәеи ҳәа. Урҭ ажәытә бырзенцәа даара иатәарымбоз маха-шьахалатәи аусура иадҳәалан. Ихьшәоу антикатә аамҭазы ишьақәгылеи атривиум (аграмматика, адиелектика, ариторика), аквадривиум (агеометриа, арифметика, астрономиа, амузыка) рыла еихшоу «Зхы иақәиҭу аҟазарақәа быжьба» ҳәа аилкаара. Аиҭарҿиара аепоха аамҭазоуп ҳзышьцылахьаз аилкаара асахьаркыратә ҟазара «аԥшӡаратә ҟазарақәа» ҳәа ианышьақәгылаз, уахь иаҵанакуан архитектуреи иара убас амузыкеи апоезиеи; уи аамҭазы иалагеит асахьаркыратә рҿиара ахкқәеи ажанрқәеи рхаҭара ашьақәыргылара апроцесс ду.

Еиуеиԥшым аморфологиатә концепциақәа рҿы аҟазара арҿиамҭақәа радкылашьала иалыркаауеит "аҳаратә", "абаратә" ҟазарақәа ҳәа (И. И. Иофе), аонтологиатә критериала ақәыԥшыларатәи, аамҭатәи, аҭыԥ-аамҭатәи ҳәа (М. С. Каган), афункционалтә еилазаашьала - «асахьаркыратә» (аҿыханҵа, аграфика, аскульптура), «исахьаркырам» мамзаргьы абифункционалтә (архитектура, ахархәаратә ҟазара, адизаин; С.Х. Раппопорт) ҳәа, иара убас аформаҿиара, атехникатә знеишьақәеи аматериалқәеи, адкыларатә аҷыдарақәа (афеноменологиатә знеишьа) рыла - «алингвистикатәи» «анелингвистикатәи» (М. Ризер) ҳәа. Иҟоуп иахьа аспециалистцәа реиҳараҩык мап зцәыркуа иажәхьоу «амаҭәартә знеишьа», уи асахьаркыратәи исахьаркырами ма абстракттәи ҳәа еихыршоит. Иҟоуп агәаанагара (А.П. Мардер) асахьаҭыхратә ҟазара адәахьтәи аҵабыргхаҭа мацара аанарԥшуашәа[36], иҿыханҵам аҟазара — ауаҩы иҩнуҵҟатәи идунеи ауп иаанарԥшуа ҳәа. Еиуеиԥшым аҟазара хкқәеи еилаԥсоу ахкқәеи ирылоуп ажанртә дифференциациа. Ҳаамҭазтәи афеноменологиатәи асемиотикатәи азнеишьақәа, аҟазара арҿиамҭа «иааиԥмырҟьаӡакәа ицо системак» аҳасабала, аҭыԥ-аамҭатә континуум шьаҭас ирымоуп[37].

Аҟазара аморфологиа еиҳа еицырдыруа академиатә система - аонтологиатә критери шьаҭас иамоуп. Уи иунарбоит асахьаркыратә рҿиамҭа иара афизикатә ҭыԥи аамҭеи рҿы аматериалтә форманы ишыҟоу. Уи инақәыршәаны аҟазара иаҵанакуа ахкқәа зегьы «рматериалтә бзазара» азнеишьала х-класс дуны иршоит: ақәыԥшыларатә, аамҭатә, аҭыԥ-аамҭатә. Аҿыханҵа, аскульптура, аграфика, архитектура ақәыԥшыларатә ҟазарақәа ҳәа ирышьҭоуп, урҭ рырҿиамҭақәа адунеи аҿы иалкаау аҭыԥ ааныркылоит. Амузыкеи апоезиеи ракәзар, аамҭалатәи аҟазарақәа рахь иԥхьаӡоуп, избанзар урҭ рформа аамҭала иҿиоит. Асценатә ҟазареи (атеатр, ахореографиа, асценографиа) акиноҟазареи - аҭыԥ-аамҭатә хкқәа рахь иаҵанакуеит. Адунеи аарԥшышьала, ақәыԥшыларатә ҟазара «асахьаҭыхратә» (аҿыханҵа, аграфика, аскульптура) «асахьа аазмырԥшуа» (архитектура, аҩычага-хархәаратә ҟазара) ҳәа рҽыршоит. Ҭоурыхла, аҟазара ахкқәа зегьы архитектура ишадҳәалазгьы, ишнеи-шнеиуаз урҭ хаз хкқәаны рҽалыркаауа иалагеит.

Аҟазара ахкқәа зегьы рхылҵшьҭра иадҳәаланы иҟоуп даҽа теориакгьы. Иаҳҳәап, иналукааша архитектор, аҟазара атеоретик Готфрид Земпер иԥхьаӡон, аҟазара ахкқәа зегьы атехникатә џьа ахкқәа рҟынтәи иахылҿиааит ҳәа, иагьаликаауан ԥшь-хкык: ашышра (ақәҵара), аҳаԥшьаӡратә напҟазара, атектоника (амҿы иалху аргылара), иара убас астереотомиа (ахаҳә иалху аргылара)[38].

И. И. Иоффе игәаанагарала, архитектуреи амузыкеи азеиԥш ҟазаратә хкык ахь иадикылон, урҭ еиуеиԥшым ахкқәа рыла ишишозгьы. 1930-тәи ашықәсқәа рзы «аморфологиатә знеишьақәа» ридеиақәа ҭҵаауа, аҟазара ахкқәа зегьы ишеимадоу атәы Иоффе иҩуан: «Аҟазара аҭыԥтәи аамҭатәи ҳәа иршоит, урҭ шьаҭас ирымоуп алашаратәи, ашьҭыбжьтәи, мамзаргьы алаԥштәи аҳаратәи ҳәа реихшара.... Еиуеиԥшым ахәыцшьа змоу аҭыԥтә ҟазарақәа рыбжьара адистанциа ду ыҟоуп, хәыцшьак змоу аҭыԥтәи аамҭатәи ҟазарақәа раасҭа... Алашара аамҭеи аҭыԥи рзы еиҟараны иҟоуп. Ари аамҭалагьы ҳәаа змам, аҭыԥлагьы ҵыхәаԥҵәара змам акоуп»[39].

Ихадароу астатиа: Аҟазара аҭоурых

Аҟазараҭҵаареи аҟазара аҭоурыхи, аҟазара ҭҵаарадырратә феноменк аҳасабала иҭырҵаауеит. Ари аҭҵаара шьаҭас иамоуп Мраҭашәаратәи Европа антикатә культуреи ақьырсиантә традициақәеи ишьақәдыргылаз ихадоу аилкаарақәа. Ԥсыхәа змам ари аҩыза европоцентризм раԥхьа инаргыла, мрагыларатәи акультурақәа рҿы аҭоурыхтә аамҭеи ақәыԥшылареи рзы иҵегь агәаанагарақәа ахьыҟоу иабзоуроуп. Евранаукатә еилкаара хадақәа рахь иаҵанакуеит: аҭоурыхтә аамҭа хырхарҭак ала иҿио агәаанагара — адунеи Аԥҵара инаркны аусӡбара Хлымӡаах аҟынӡа (ауаҩытәыҩсатә ҭоурыхҭҵаареи, еиҳаракгьы, асахьаркыратә хәыцреи рыпринцип), ахронотоп аилкаара, (аҟазара аусумҭа аԥҵараҿы аамҭеи аҭыԥи иузеиҟәымҭхо реимадара), ииашаҵәҟьоуи ицәалашәаратәуи аметодқәа реилазаара, арҿиаратә хәыцра ахақәиҭра, агәаанагарақәа, ахәшьарақәа уҳәа ирацәаны.

Image
Венера Виллендорфскаиа, ҳера ҟалаанӡа 27,5 нызқь шықәса инарзынаԥшуа, Европа Агәҭа

Аҟазара ацәырҵра аестетика аҭоурыхҭҵааҩцәа ахәмаррақәеи, аритуалқәеи, ақьабзқәеи ирыдырҳәалоит, иара убас амифологиа-магиатә дунеихәаԥшышьақәагьы иналаҵаны[40]. Аџьатә теориа излаҳәо ала, заатәи ауаажәларраҿы, раԥхьатәи асахьаҭыхратә ҟазара Homo Sapiens ахкы ацәырҵра иадҳәалоуп. Ари аҩыза аҟазара еиуеиԥшым апрактикатә уснагӡатәқәа рыӡбаразы ауаҩытәыҩса иусуратә знеишьак аҳасабала иҟан[41]. Заатәи аҟазара абжьаратәи апалеолит аепоха аамҭазы аҿиара иалагеит, аха анаҩс 40-нызқь шықәса раԥхьа, хыхьтәи апалеолит аҿы иаҳа еизҳазыӷьит. Ари ауаажәларра рыҿиара иалҵшәаны иҟалеит, иара убас ауаҩы адунеи аилкаараҿы ишьаҿа ҿыцны иԥхьаӡоуп[42]. Аладатәи Африкаҿы[43] иԥшаау амыдаӷьцәақәа ирылху ахәдахаҵа реиԥш иҟоу ижәытәӡатәиу аҟазаратә рҿиамҭақәа ҳера ҟалаанӡа 75 нызқь шықәса ма инареиҳаны иаҵанакуеит (шәахә.: Бломбос Аҳаԥы). Ахаҳәаамҭазы аҟазара аарԥшын аԥхьаӡатәи ақьабзқәа, амузыка, акәашарақәа, ацәеижь еиуеиԥшым арԥшӡагақәа, агеоглифқәа — адгьыл аҿы ианҵоу асахьақәа, адендрографқәа — аҵлақәа рцәа иану асахьақәа, аԥстәқәа рцәа иану асахьақәа, аҳаԥытә ҿыханҵа, ахаҳәтә сахьақәа, апетроглифқәа, аскульптура рыла.

Шьоукы авторцәа излашьақәдырӷәӷәо ала, аҟазара ахы ыҵнахуеит ацәажәара ҟалаанӡатәи аамҭазы, информациа аиагареи, адкылареи, иара убасгьы информациа агәынкылараҿы аҵәахреи рдыррақәа ирыдҳәаланы [44].

Ихадароу астатиа: Аԥхьаӡатәи аҟазара

Аԥхьаӡатәи аҟазара, аҭоурых ҟалаанӡатәи аҟазара — аԥхьаӡатәи ауаажәларра епоха аҟазара.

Уи аарԥшын аԥхьаӡатәи амузыка, акәашарақәа, ашәақәа, ақьабзқәа, иара убас агеоглифқәа - адгьыл ақәыԥшылараҿы ианҵоу асахьақәа, адендроглифқәа — аҵлақәа рцәа иану асахьақәа, аԥстәқәа рцәа иану асахьақәа, аԥштәы змоу апигментқәеи еиуеиԥшым аԥсабаратә маҭәарқәеи рыцхыраарала ацәеижь еиуеиԥшым арԥшӡагақәа, иаҳҳәап иахьагьы еицырдыруа аимхәыцқәа рыла.

Аԥхьаӡатәи аҟазара иалнакаауеит анаҩстәи афункциақәа рсинкретизм: амагиатә, арҵаратә, акоммуникатив-цәажәаратә. Асахьаркыратә ҟазара ацәырҵра ихадоу амодельс иԥхьаӡоуп «агыгшәыг аԥсабаратә макет»[45][46]. Аԥхьаӡатәи арҿиара акоммуникативтә утилитарра, аестетикатә аспект аҿиашьа инавыргыланы, ажәларқәа зегьы ркультура аполиграфиа ҟалаанӡатәи афольклорпериод аҿы ибзианы иубоит.

Аҟазара антикатә дунеи аҿы

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Image
Ачаӡҩы Теренциа Неони иԥҳәыси рпатреҭ. Помпеи (Теренциа Неон Иҩны, VII, 2, 6). Inv. No. 9058. Неаполь, Амилаҭтә археологиатә музеи

Уахә. иара убас Хеттаа, Ажәытәӡатәи Мысра Аҟазара, Егеитәи ацивилизациа, Ажәытә Бырзентәыла Аҟазара, Аеллинизм, Етруссктәи аҟазара, Аскифцәа, Урарту Аҟазара

Ҳаамҭазтәи аилкаарала аҟазара ауасхыр ажәытә цивилизациақәа азышьҭарҵеит: мысратәи, месопотамиатәи, аџьамтә, индиатәи, акитаитәи, абырзен, римтәи, иара убас аравиатәи (ажәытә Иемени Омани) уҳәа егьырҭгьы. Зыӡбахә ааҳгаз заатәи ацивилизациақәа рцентрқәа аҟазараҿы иалукааша рхатә стиль аԥырҵеит. Уи ашәышықәсақәа ахнагеит, ихьшәоу акультурақәа анырра дугьы рнаҭон. Иара убас дара роуп асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа раԥхьатәи ахҳәаа аанзыжьызгьы. Иаҳҳәап, ажәытә бырзен ҟазаҩцәа ауаҩы ицәеижь аарԥшраҿы егьырҭ акыр иреиӷьхеит, дара ирдыруан ажьышәақәа, артәашьа, ииашоу аизышәарақәа, ацәаҩа аԥшӡара раарԥшра.

Аҟазара абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Уахә. иара убас Каролингтәи Ренессанс
Image
Араб каллиграфиа ала иҟаҵоу ҭырқәтәылатәи асулҭан Маҳмуд II итугра. Аиҭага: Маҳмуд-хан, Абдул-Ҳамид иԥа, наӡаӡа аиааира згаз
Image
Амаалықь Евангелия Хитрово аҟнытә. Андреи Рублиов, XIV ашәышықәса Анҵәамҭеи XV ашәышықәса алагамҭеи

Авизантиатә ҟазареи мраҭашәаратәи абжьарашәышықәсазтәи аготикеи, адоуҳатә ҵабыргқәеи абиблиатә сиужетқәеи раарԥшра шьаҭас ирыман. Аҿыханҵеи амозаикеи рыхьтәы фон ала аҟазаҩцәа рҽазыршәон иреиҳаӡоу адунеи идгьылтәым адура аарԥшра, иара убасгьы ауаҩытәыҩсатә фигурақәа иҟьаԥсу, аидеализациа зызуу аформақәа рыла иаадырԥшуан.

Image
Чен Хоншоу, автопортреҭ, 1635 ш., Аминақәа раамҭа

Мрагыларахь, аԥсылман тәылақәа рҿы иҟан агәаанагара, ауаҩы исахьа аҭыхра ҟаломызт ҳәа, уи аидол аԥҵара иаҟарартәуан. Уи иахҟьаны, асахьаркыратә ҟазара еиҳарак архитектура, аџьоуҳар, арыԥшьшьара, акаллиграфиа, ахьиратә ус уҳәа адекоративтәи ахархәаратәи ҟазара хкқәа ракәын (шәахә.Аԥсылман ҟазара) иадырҳәалон. Индиеи Тибети аҟазара адинхаҵаратә кәашареи аскульптуреи ракәын изызкыз. Аҿыханҵа урҭ ирҿыԥшуан аԥштәы лашақәеи, ииашоу ацәаарақәеи шьаҭас иҟаҵаны. Китаи еиуеиԥшы аҟазара хкқәа ҿион: ахаҳә аҭаԥҟара, аџьазтә скульптура, акерамика (аимператор Цинь еицырдыруа атерракотатә иргьы налаҵаны), апоезиа, акаллиграфиа, амузыка, аҿыханҵа, адрама, афантастика уб. егь. Китаитәи аҟазара астиль епохак инаркны епоханӡа аҽаԥсахуан, традициалагьы напхгара зуа адинастиа ахьӡ ахуп. Иаҳҳәап, Тан аепоха иаҵанакуа иҵаӷоу, амонохромтә ҟазшьа змоу аҿыханҵа, иссиру апеизаж аанарԥшуеит. Мин аепохаан, ижәпаз ашәыга ԥсылақәеи ажанртә композициақәеи модан. Аҟазараҿы аиапониатә стильқәа иара убасгьы аҭыԥантәи аимператортә династиақәа рыхьӡ ахуп, рҿыханҵеи ркаллиграфиеи рҿы аимадареи аинырреи ибзианы иубоит. XVII ашәышықәса инаркны араҟа иара убас амҿы агравиурагьы рылаҵәеит.

Аиҭарҿиара инаркны иахьатәи аамҭанӡа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Мраҭашәаратәи Ренессанс аматериалтә дунеии, агуманизми раинтерес еиҭа ицәырнагеит. Уи иахҟьаны аҟазарагьы аҽаԥсахит: аҿыханҵаҿы аперспектива (аҵаулара) цәырҵит, ауаҩытәыҩсатә фигурақәа ирцәыӡыз ацәеижь роуит. Аҵаралашара аепохаан, асахьаҭыхыҩцәа рҽазыршәон адунеи цәала-жьылеи, хшыҩлеи аҳәаақәҵара арбара. Усҟан ауаа Адунеи иуадаҩыз сааҭтә механизмны ирбон. Иара убри аамҭазы арҿиаҩцәа рҽазыршәон ршәышықәса иақәшәоз ареволиуциатә идеиақәа раарԥшра. Убас Уилиам Блеик, Ниутон ипортреҭ анцәахшатә геометр ахаҿсахьала иҭихит. Жак-Луи Давид иакәзар, ибаҩхатәра аполитикатә пропаганда амаҵзура иазикит. Аромантизм аепоха иаҵанакуа асахьаҭыхыҩцәа Гиоте ипоемақәа рыла ргәы шьҭыхуа, ауаҩы ихаҭареи уи ицәанырратә ганқәеи раарԥшра иашьҭан. XIX ашәышықәса анҵәамҭазы академизм, асимволизм, аимпрессионизм, афовизм реиԥш иҟоу асахьаркыратә стильқәа жәпакы цәырҵит.

Аха арҭ аҩ-хырхарҭак раамҭа кьаҿын. Ицәырҵуа иалагаз Еинштеин[47] изыҟашьаратә теориа ҿыци иара убас Фреид[48] игәынхәҵысҭа еилкаарақәа рнаҩсангьы, уаанӡатәи ахырхартақәа рыпроцесс анҵәара иарццакит ҳәа иԥхьаӡоуп ҩ-дунеитәи аибашьрақәа ирылҵшәаны иҿио иалагаз атехнологиақәа. XX ашәышықәсазы аҟазара аҭоурых асахьаркыратә лшарақәеи аԥшӡара астандарт ҿыцқәеи еснагь рыԥшаара иашьҭан, дара зегьы уаанӡатәи аилкаарақәа ирҿагылон. Аимпрессионизм, афовизм, аекспрессионизм, акубизм, ададаизм, асиурреализм уҳәа убас егьырҭ ахырхарҭақәа рнормақәа рыԥҵаҩцәа ирхаанымхеит. Изызҳауа аглобализациа акультурақәа реилаҵәареи реинырреи рахь инанагеит. Убас Матиссеи Пабло Пикассои рырҿиара анырра ду ҟанаҵеит африкатәи аҟазара, иапониатәи агравиурақәа (мраҭашәаратәи Ренессанс аныррала ицәырҵыз) аимпрессионистцәа рзы ргәы шьҭызхуа акакәны иҟан. Иара убас мраҭашәаратәи акоммунизми апостмодернизми ридеиақәа аҟазара крызҵазкуа анырра дуӡӡа арҭеит.

Амодернизм иамаз анорма џьбара акульти, идеалисттә ҵабырг аԥшаареи ирыбзоураны, XX ашә.аҩбатәи азбжазы иара ахаҭа иахьзымнаӡо атәы аилкаарахь икылсит. Ахәшьарақәа реизыҟашьазаара ԥсра-зқәым фактны ирыдыркылеит. Ари ахҭыс ҳаамҭазтәи аҟазара аепохеи апостмодерн акритикеи рпериод хацнаркит. Аха иара убас ари апериод аҟазара аҵыхәтәа ԥҵәар алшоит ҳәа аимак-аиҿак цәырнагеит. Адунеизегьтәи акультуреи аҭоурыхи реиԥш, аҟазара иара убас аиҿырԥшратәи, ииасуа категориақәаны иԥхьаӡахо иалагеит, урҭ ирониала ирызнеиуан. Убри аан арегионалтә культурақәа рҳәаақәа иӡуа иалагеит, уи азеиԥш аглобалтә культура иахәҭакны иазхәыцуа иалагеит.

Аклассификациа иазку аимак-аиҿак

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Image
Марсель Диушан Иӡыршә, 1917 шықәса
Image
Оноре Домье атеатр аазырԥшуа иҭыхымҭа
Image
Енсел Адамс ифотосахьа- Ашьхеибаркыра «Титон Ду» Гранд-Титон амилаҭтә парк аҿы иҟоу Снеик аӡиаси (Ваиоминг, Еиду Америкатәи аштатқәа)

Иарбанзаалак акы аҟазара ҳәа ахьӡ аҭара иадҳәаланы ицәырҵуа аимакқәа - аҟазара иазку аклассификациатә еимакқәа ҳәа ирышьҭоуп. 20-тәи ашәышықәсазы аклассификациатә еимакқәа рахь иаҵанакуан акубистцәеи аимпрессионистцәеи рсахьақәа, Диушан Иӡыршә, акиноиндустриа, абанкнотақәа реиқәырҽаҽарақәа, аконцептуалтә ҟазара, авидеохәмаррақәа[49].

Афилософ Девид Новиц излашьақәирӷәӷәо ала, аҟазара аҳәаақәҵара иадҳәалоу аиқәшаҳаҭымхара шамахамзар апроблема ашьаҭагьы иалаӡам. Еиҳаракгьы, ауаа руаажәларратә ԥсҭазаарахь иаларгало раинтиресқәеи, ргәазыҳәара дуқәеи роуп аҟазара иадҳәалоу аклассификациатә еимакқәа рӷьырак шьаҭас ирымоу. Новиц иажәақәа рыла, аклассификациатә еимакқәа атеориа мацара акәымкәа, еиҳарак ауаажәларра рзеиԥш хәшьарақәеи раԥхьаҟатәи рыҿиареи роуп изызку. Иаҳҳәап, британиатәи агазеҭ Daily Mail Дамиен Херсти Треиси Емини русумҭақәа акритика азнауит, иагьышьақәнарӷәӷәеит «зқьышықәса рыҩныҵҟа аҟазара ацивилизациатә мчы дуқәа ируакын ҳәа. Иахьатәи ҳаамҭазы, аусумҭақәа ирҵәу ауасақәеи иҟьашьу аиарҭақәеи, зегьы ҳварварцәаны ҳҟарҵар алшоит" - ҳәа иақәмақаруеит. Акритикцәа аҟазара атеориа ҭҵаарадыррала аилкаара рҽазыршәаӡом, аха Хиорсти Емини русумҭақәа зыԥсоу атәы иаартны агәыҩбара арҭоит[50]. 1998 шықәса рзы Артур Данте ахшыҩзцаратә аексперимент рыдигалеит, уи иаанарԥшуеит: «артефакт ҟазаратә рҿиамҭак аҳасабала астатус акультура иаднагало аидеиақәа рҟынтәоуп ишцәырҵуа, иара иамоу ацәеижьтә ма ианыруа аҟазшьақәеи рҟынтәи акәымкәа. Абасала, акультуратә интерпретациа (аҟазара атеориа ахкы) асахьаркыратә аобиект иҳәаақәызҵо факторуп»[51][52].

Аҟазара аҿагылара атрадициатә ҟазара аоппозициа аҳасабала уи аҵакқәа ашәара иҭанаргылоит[53]. Ари атермин ададаизм иадҳәалоуп. Уи авторс дыԥхьаӡоуп Марсель Диушан[53], Актәи адунеизегьтәи аибашьра иалагаанӡа реди-меидқәа анаԥиҵоз[53].

Ихадароу астатиа: Асахьаркыратә критика

Аҟазареи аҟазараҭҵаареи асахьаркыратә критикеи реизыҟазаашьа аҵыхәтәантәи ҩышә шықәса рыҩнуҵҟа еиҳа-еиҳа иуадаҩхон. Иҟоуп уи аҩыза агәаанагара, иаҳҳәап, акритика иҿиацыԥхьаӡа, асахьаҭыхҩы икульт атрансценденттә позициа ацәыӡуеит ҳәа - аҵабырг аиллиузиала аҽаԥсахуеит, асахьаҭыхҩы иус аиҭашьақәыргылара аҭахуп ҳәа. Аҟазара акритиказы, автор уеизгьы-уеизгьы иҩымҭала ииҳәарц ииҭахыз аилкааразы исубстратуп, убри аҟнытә лассы-лассы акритика апаразитизм азы ахара адырҵоит. Убри аамҭазы, акритикцәа ӡыргаратә агентцәақәак раҳасабала иқәгылоит, аҩымҭақәа рсахьаркыратә хаҿсахьа аԥырҵоит, епохақәак раан урҭ асахьаркыратә рҿиамҭақәа иҟоу аидеологиатә хырхарҭа иадырҳәалоит[54].

Image
«Амцакра апарламент ахыбраҿы» Тернер, Џьозеф Маллорд Уилиам, 1834 ш.

Антикатә аамҭа инаркны аҟазара афилософиа апрактика аҳасабала аҭҵаара иамаҭәарын. XIX ашәышықәсазы аҟазара еиҳарак аҵабырги аԥшӡареи реинырра иалҵшәаны иахәаԥшуан. Иаҳҳәап, аестетика атеоретик Џьон Рескин, Тиорнер ирҿиара анализ азуа иазгәеиҭон, аҟазара ҵакыс иамоу асахьаркыратә методқәа рыла, аԥсабара иалоу аезотерикатә ҵабырг азнеира аԥҵароуп ҳәа[55].

XIX ашәышықәса анҵәамҭазы амодернизм анцәырҵ, аҟазара[56] иааннакыло аҭыԥ азы агәаанагарақәа инагӡаны, иаалырҟьаны рҽырыԥсахит. Убри аҩызаҵәҟьа ҟалеит XX ашә. анҵәамҭазгьы, апостмодернизм аидеиа анцәырҵ. Клемент Гринберг 1960 ш. рзы иҭыҵыз истатиа «Амодернисттә ҿыханҵа» аҟны, ҳаамҭазтәи аҟазара «иара ахатәы методқәа рыла иалкаау адисциплина акритика азнауеит»[57] ҳәа иҳәаақәиҵеит. Гринберг ари азнеишьа абстракттә експрессионизм аҿы ихы иаирхәеит, иара убас имариоу (аиллиузиақәа рыда) абстракттә ҿыханҵа аилыркаареи ашьақәырӷәӷәареи рзы иааирԥшит.

Ареалисттә, анатуралисттә ҟазара асахьаркыратә маҭәахә афактуреи атехникатә знеишьақәеи аҵәахуазар, амодернизм убри аамҭазы асахьаркыратә метод ахы иархәаны арҭ атехникақәа иазхьанарԥшуеит. Уаанӡатәи асахьаҭыхыҩцәа аҿыханҵа аԥкрақәа (асахьа аҟьаԥсра, архиашьа, ашәыга афактура) рҿы аԥынгылақәа рбон, убри азы маӡала акәын аус шрыцыруаз. Амодернизм акәзар, ари азнеишьа даҽакала иаԥсахуеит, автор иаартны иарбоу аԥкрақәа ааирԥшуеит.

Гринберг инаишьҭарххны ари атема аҿиара рнапы алакыз егьырҭ аҟазаратә ҭҵааҩцәагьы алукаар ҟалоит: Маикл Фрид, Т.Џь. Кларк, Р. Краусс, Л. Ночлин иара убас Г. Поллок. Гринберг ихаҭа иаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа иалкаау ргәыԥ мацара атәы шиҩуазгьы, иидеиақәа XX ашәышықәса аҩбатәи азбжеи XXI ашәышықәса алагамҭеи рзы аҟазара афилософиа анаҩ аҿиараҿы акыр анырра ҟанаҵеит.

Енди Уорхол иеиԥш иҟоу апоп-арт асахьаҭыхыҩцәа еицырдыруа, ауаажәларраҿы апату роуа иҟалеит рметот ҷыда иабзоураны. Урҭ еицырдыруа акультуреи аҟазара адунеии рдыргақәа маӡала акритика рзуны рырҿиамҭақәа рахь ииаргон. 1980-тәи, 1990-тәи, 2000-тәи ашықәсқәа рзы арадикалтә сахьаҭыхыҩцәақәак ԥхьаҟа ицеит.  Уаанӡа  «иҳараку аҟазара » мацара ҳәа иԥхьаӡаз ахатәкритикатә метод асахьа хкқәа зегьы рҟны рхы иадырхәо иалагеит: амаҭәа адизаин, акомиксқәа, афишақәа, апорнографиагьы уахь иналаҵаны…

Атеоретикцәа еснагь аҟазара цәырҵрак аҳасабала иазнеиуан, уи иалкаау аконцепциа аҟны афункциеи, аҟазшьақәеи зеиԥшроу еиԥш. Аха уи иаанагаӡом аҟазара ахықәкқәа еилкаамкәа иаанхоит ҳәа, избанзар еиуеиԥшым аҟазаратә рҿиамҭақәа раԥҵаразы еснагь амзызқәа ыҟан, иара убас  урҭ реилыркаарақәагьы рацәан. Ҵаҟа иаагоуп аҟазара афункциақәак, урҭ еихшоуп ҩ-гәыԥкны: амотивациа змоуи, амотивациа змами ҳәа.

Амотивациа змам аҟазара афункциақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Амотивациа змам аҟазара афункциақәа ҳәа иԥхьаӡоуп ауаҩы иԥсабара иахәҭаку функциақәоуп. Урҭ арҿиаҩы ихаҭара иадҳәалаӡам, мамзаргьы даҽа тәым хықәкык амаҵ ауӡом, иаҳҳәап, аутилитартә хықәкы. Абри аганахьала аҟазареи арҿиара ахаҭеи ауаҩытәыҩса иԥсабара иарҿиеит. Homo sapiens ада даҽа ԥсы зхоу хкык аҟазара аԥнаҵомызт. Убри аҟнытә уи еснагь имариоу апрактикатә хәарҭа аҳәаақәа ирҭыҵуеит.

  1. Агармониеи, аҭышәынтәалареи, аритми рфундаменталтә уаҩытәыҩсатә инстинкт. Ари аҩаӡараҿы аҟазара маҭәарк ма усхк акәымкәа, зыхә ҳараку аԥшӡара ҩнуҵҟала аԥшаара аҳасабала иқәгылоит, апрактикатә хәарҭа иазхьамԥшкәа.

«Аиҿырԥшра (аимитациа)-  ауаҩы иԥсабара иалоу аинстинктқәа ируакуп. Анаҩс, иҟоуп агармониеи аритми ринстинкт, иара убас аишьашәалара, уи аҟны ҷыдала аритм ацәанырра аарԥшуп. Ари аԥсабаратә ҳамҭа шьаҭас иаҭаны, ауаҩы апоезиахь ихы азнархоит, убас еиҳа-еиҳа имаҷу аимпровизациақәа рҟынтәи ииашоу аҟазара ду ахь днаӡоит». - Аристотель.

  1. Амаӡа ацәанырра. Аҟазара - ари Адунеии ҳареи ҳаимадара анырразы иҟоу цҳауп. Ари лассы-лассы узқәымгәыӷуа цәанырроуп, иара убас уи цәырҵуеит аҟазаратә рҿиамҭа анаҳбо, амузыка, ма ажәеинраалақәа ҳанырзыӡырҩуа.

«Зегь реиҳа иссиру, аԥсҭазаараҿы иԥаҳшәар зылшо - амаӡоуп. Уи иарбан ҟазараҵәҟьазаалак, ма ҭҵаарадырразаалак иахыҵхырҭоуп». - Альберт Еинштеин.

  1. Асахьаркыратә хәыцра. Аҟазара иажәалатәым азнеишьала, асахьаркыратә хәыцра ҳәаада ахархәара алшара унаҭоит. Ажәақәа цәаҳәа-цәаҳәала еишьҭагылоит, урҭ зегьы иалкаау аҵакқәа рымоуп. Аҟазара акәзар, ҳәаа змам аформақәеи, асимволқәеи, аидеиақәеи унаҭоит. Урҭ рҵакқәа еиуеиԥшымкәа иҳәаақәҵахар алшоит.

«Иупитер иуарбажә - аҟазаратә рҿиамҭа ҿырԥштәык аҳасабала иаагозар, уи баша алогикатә (аестетикатә) атрибут еиԥш, адунеи ашареи амҽхаки ирсимволӡам. Уи асахьаркыратә хәыцра аԥырразы амч ду унаҭоит, егьырҭ еиԥшу ахаҿсахьақәа ирҿшаҳрԥшыртә иҟанаҵоит. Уи иарбан ажәазаалак, ма ихиоу идеиазаалак еиҳа ахәыцра ҿыцқәа ахылҵуеит. Ари ахаҿсахьа аестетикатә идеиа иаабац ахшыҩ аасҭа иҳаракуп. Уи алогикатә еилкаарақәа аԥсахуеит, аха ахшыҩ аԥсы аханаҵоит, ауаҩы илаԥш иҵамшәо ахаҿсахьақәа ҵыхәаԥҵәара змам рԥеиԥш ҳзаанартуеит». - Иммануил Кант.

  1. Ҳәаа змам ахаҿқәа рахь ааԥхьара. Аҟазара иабзоураны автор алшара имоуп ихы дақәиҭны, ма иҭахы-иҭахым адунеи адҵаалара. Авторцәақәак идырны рырҿиамҭақәа аҭыԥ уадаҩқәа рҟны иаанрыжьуеит, иаҳҳәап, ашьха ақәцәақәа рҟны. Ари азнеишьа, иалкаау ауаа мацара рахь акәымкәа, адунеи зегьы иааидкылана иазхьаԥшуеит.
  2. Аритуалтәи асимволтә функциақәеи. Акультура жәпақәа рҿы иԥшӡоу аритуалқәеи, ақәгыларақәеи, акәашарақәеи ахҭысқәак рырԥшӡара иасимволуп. Дара рхаҭақәа абжьааԥны апрактикатә хықәкқәа ирышьҭаӡам, аха антропологцәа ирдыруеит урҭ амилаҭтә традициақәа рҵакқәа зеиԥшроу. Атрадициақәа абиԥарақәа жәпакы рыҩнуҵҟа ишьақәгылон, аханатәгьы урҭ акосмостә ҵак ду рыман, аха анаҩс урҭ уаҳа аӡәгьы игәалаиршәомызт.

«Аҭоурых ҟалаанӡатәи абахә сахьақәеи ажәытә обиектқәеи лассы-лассы апрактикатә хәарҭа рымаӡам. Уи иахҟьаны урҭ абжьааԥны адекоративтә, аритуалтә, ма асимволтә ҟазшьа рымоуп ҳәа ирышьҭоуп. Ас еиԥш иҟоу аобиектқәа ҭызҵаауа аҵарауаа реиҳараҩык, атермин «аҟазара» ахархәара агха дуқәа ахылҿиаар шалшо атәы ибзианы ирдыруеит» - Сильва Томаскова.

Аҟазареи акультуратә беиарақәа раԥҵареи ирыдҳәаланы даҽа хәаԥшышьакгьы ыҟоуп. Ари агәаанагара излаҳәо ала, арҿиара - ари иузымдырӡакәаны ицәырҵуа ацәеижьтә еилыԥшаара аиҽырбара аҳасабала аарԥшроуп. Иарбоу атеориа ҩ-фактк марианы иҳаилнаркаауеит. Актәи, аҟазара аусзуҩцәа рыбжьара абриаҟара ахацәа зыҟоу. Аҩбатәи, ауаҩы иԥсҭазаараҿы иреиҳау арҿиаратә периоди исексуалтә активреи зеиқәшәо атәы[58][59].

Аҟазара амотивациа змоу афункциақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Автор аҩымҭа аус анадиуло иҿаԥхьа хықәкқәак ықәиргылоит. Аԥхьаҟа ас еиԥш иҟоу ахықәкқәа амотивациа змоу ҳәа ирышьҭоуп. Ари иарбанзаалак аполитикатә хықәкы, асоциалтә ҭагылазаашьа ахҳәаа аҟаҵара, агәалаҟазаареи аемоциақәеи раԥҵара, апсихологиатә нырра, акы аилиустрациа азура, аалыҵ аӡыргара мамзаргьы баша ажәахә ашьҭра уҳәа акәзар алшоит.

  1. 1. Акоммуникациа ахархәага. Имариаӡоу аформала аҟазара акоммуникациа ахархәагоуп. Егьырҭ акоммуникациа азнеишьақәа реиҳарак реиԥш, уигьы аинформациа ауаа рыҭара гәҭакыс иамоуп. Иаҳҳәап, аҭҵаарадырратә иллиустрациа- аинформациа аиагаразы иҟоу ҟазаратә формоуп. Ас еиԥш иҟоу даҽа ҿырԥштәык иреиуоуп агеографиатә хсаалагақәа. Ас еиԥш иҟоу даҽа ҿырԥштәык иреиуоуп агеографиатә хсаалагақәа. Аха ацҳамҭқәа рҵакы хымԥада ҭҵаарадыррала иҟамлар ҟалоит. Аҟазара иалнаршоит аобиективтә информациа адагьы аемоциақәа, агәалаҟазаара, ацәаныррақәа раарԥшра.
    «Аҟазара — ари акоммуникациазы рхы иадырхәо асимволтә ҵакы змоу артефактқәеи, ма асахьақәеи реизакроуп»[60]. — Стив Митен.
    2. Аҟазара гәырҿыхгак аҳасабала. Аҟазара еиҳарак хықәкыс иамоу - ауаҩы игәалаҟазаареи ицәаныррақәеи раԥҵароуп. Уи ауаҩы ицхраауеит аамҭа ибзианы ахыгара, иԥсы ашьара. Лассы-лассы ари ахықәкы азы амультфильмқәеи авидеохәмаррақәеи аԥырҵоит.
    3. Авангард, аполитикатә еиҭакрақәа узы аҟазара. XX ашәышықәса алагамҭазы аҟазара ҳәаақәызҵо ахықәкқәа ируакын аполитикатә еиҭакрақәа апровокациа рзызуа аҩымҭақәа раԥҵара. Ари ахықәкы азы ицәырҵыз ахырхарҭақәа — дадаизм, асиурреализм, аурыс конструктивизм, абстракттә експрессионизм — еидкыланы авангард ҳәа ирышьҭоуп.
    «Ареализм зырҿыхыз апозитивизм Ацқьа Фома Аквински инаиркны Анатоли Франс иҟынӡа, сгәы иаанагоит интеллектуалтә ма аморалтә прогресск иаӷоуп ҳәа. Уи сара даара исцәымӷуп, избанзар уи аҟыбаҩдареи, ацәымӷреи, аҽырԥагьареи рыла ишьақәгылоуп. Ареализм амшалоуп изцәырҵуа аҵакы змам ашәҟәқәеи ицәаԥҽыгоу апиесақәеи. Иара иааҟәымҵӡакәа агазеҭқәа рҟынтәи амч аиуеит. Уи ауаа зегь реиҳа ргьама бааԥс иаҿагәыбзыӷуеит. Уи алагьы ареализм аҭҵаарадырреи аҟазареи иахыччоит; ари аҩыза амариа - игаӡароуп, ала аԥсҭазаара иеиԥшуп»[61].— Андре Бретон (асюрреализм).
    4. Апсихотерапиазы аҟазара. Апсихологцәеи апсихотерапевтцәеи аҟазара рхы иадырхәар рылшоит апрофилактикатә ма ахәшәтәратә хықәкқәа рзы. Ауаҩы иусура анализ шьаҭас измоу атехника ҷыда, апациент иԥсихикатәи иемоциатәи ҭагылазаашьа адиагностика аҟаҵаразы ахархәара аиур залшо еиԥш, еиҳа иҭышәынтәалоу иҩныҵҟатәи аҭагылазаашьа анагӡареи рзгьы рхы иадырхәоит. Араҟа хықәкы хадас иҟоу адиагноз ақәыргылара акәӡам, ауаҩы иԥсихика агәабзиара аиӷьтәроуп. Амедитативтә ҿыханҵа арт-терапиа хкы ҷыданы иԥхьаӡоуп. Уи апсихотерапиеи, ахдырреи, ахаҭаратә еизҳареи рышьаҭақәа зегьы еиднакылоит.
    5. Асоциалтә ҿагылареи, ишьақәгылоу аиҿкаареи/ма анархиеи рхырбгалареи рзы аҟазара. Аҟазара аҿагылара аформа аҳасабала, иалкаау аполитикатә хықәкык амамзар ҟалоит. Уи хықәкыс иамоуп иҟоу арежим ма уи иадҳәалоу еиуеиԥшым аспектқәа акритика рзура. Аграффити егьырҭ стрит-арт хкқәеи аҩнқәа рыҭӡамцқәа, автобусқәа, адәыӷбақәа, ацҳақәа уҳәа алаԥшҳәааҿы иҟоу аҭыԥқәа рҿы ианырҵуа асахьақәеи аҩырақәеи роуп. Лассы-лассы уи аиҳабыра рҟынтә азин рмоукәа, зегь реиҳа иахьубарҭоу аҭыԥқәа рҿы иҟарҵоит. Убри азы аграффити азакәан еиланагоит, авандализм аформоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
    «Аҟазара раԥхьа инаргыланы зегьы шыбзиоу атәы акәымкәа, ауаа рыԥсҭазаараҵәҟьа аанарԥшуазароуп. Уи азы иҟоуп аӡыргара. Иара акы аҭахуп, акы ааухәартә иҟанаҵоит, аԥаҵасара, аҽыӡәӡәара, аԥсшьара ацара уҳәа убас иҵегьы»[62]. — Буксиков, Серик.
    6. Апропаганда ма акоммерциатә еизыҟазаашьақәа ралагаларазы аҟазара. Аҟазаратә рҿиамҭақәа лассы-лассы апропаганда ахықәкқәа рымаҵ ауеит, ауаа ргьамақәеи ргәалаҟазаарақәеи рыԥсахразы. Убас еиԥш аус ауеит иаарту аӡыргарагьы. Уи акоммерциатә аалыҵ аахәаҩ ибзианы дазнеирц азы ирылаирҵәоит. Аҩ-ҭагылазаашьак рҿы арҿиаҩцәа хықәкыс ирымоуп аидеиа, ма амаҭәар ишазыҟоу ала ауаҩы иемоциақәеи иԥсихологиеи маӡала напхгара рыҭара[63].

Хыхь зыӡбахә аагоу аҟазара афункциақәа еиҿагылаӡом, урҭ аамҭакала ицәырҵыргьы ҟалоит. Иаҳҳәап, аҟазара агәырҿыхгаразы, лассы-лассы иҵәаху аалыҵ, афильм, ма авидеохәмаррақәа рӡыргара аҽамнадоит. Апостмодерн аепоха иаҵанакуа аҟазара аҟазшьа ҷыдақәа ируакуп (1970-тәи ашықәсқәа рышьҭахь) — аутилитарра, афункционалра, акоммерциатәра хықәкыс иамоу аизҳара. Убри аамҭазы зых иашьҭам аҟазара ма уи асимволтәи аритуалтә хықәкқәеи рҿы ахархәара еиҳа-еиҳа имаҷхоит.

Аҟазареи, асоциалтә еилазаашьеи, аҵакы амазаареи

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Image
Версаль: архитектор Луи ле Во акралтә хан аҩнуҵҟатәи ашҭа ааиртит акурдонер аԥҵаразы, анаҩс егьырҭ европатәи архитекторцәа аӡәырҩы акопиа ахырхит

Лассы-лассы аҟазара егьырҭ ауааԥсыра ирыцәтәыму, иалкаау асоциалтә ҿыгҳарақәа рытрибут ҳасабала иахәаԥшуеит. Абри аганахьала аҟазара иԥшӡоу, аха хәарҭара злам амаҭәарқәа раахәареи, амали, амалрҳареи ирыдырҳәалоит. Арҭ агәаанагарақәа рыдгылаҩцәа ҿырԥштәык аҳасабала иааргар рылшоит Версалтәи ахан, мамзаргьы Санкт-Петербург иҟоу Ермитаж. Уаҟа Европа ибеиаӡаз амонархцәа еизыргеит аколлекциа дуқәа. Ас еиԥш иҟоу аколлекциақәа змазарц зылшо даара ибеиоу ауаа, аиҳабырақәа, ма аиҿкаарақәа роуп.

Акультурақәа жәпакы рҿы еиҿкаау, зыхә ҳараку амаҭәарқәа, урҭ изтәу рсоциалтә статус иадыргоуп. Убри аамҭазы, 1793 шықәсазы афранцыз револиуциа ду аан даҽа ахырхарҭақәа ыҟан. Убас еицырдыруа Алувр ахан афранцыз аҳцәа ирхатәын. Аха нас ари ашықәс азы уи ажәлар зегьы рзы ашәқәа аадыртит, официалла иаарту музеины иҟалеит. Аҟазара иадҳәалоу ҳаамҭазтәи амузеиқәеи ахәыҷтәы ҵаратә программақәеи економикала иҿио атәылақәа реиҳарак ари аҿырԥшы иақәныҟәоит, зегьы рзы аҟазаратә рҿиамҭақәа рахь инеиртә аҭагылазаашьа ҟалоит. Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы лассы-лассы иуԥылоит амалуаа зхатәы коллекциақәа змоу амузеиқәа, аха анаҩс урҭ аҳәынҭқарра иарҭоит. Иаҳҳәап убас XIX ашәышықәсазы, арегионалтә аихамҩатә ҳа ахада Џьон Теилор Џьонстон иаԥиҵеит Аметрополитен амузеи (Ниу-Иорк). Иара ихатә ҟазаратә рҿиамҭақәа реизга ауп ари амузеи шьаҭас иаиуз. Урыстәыла абри аҩыза ароль наигӡеит ҳаамҭазы Аҳәынҭқарратә Третиаковтәи агалереиа ҳәа изышьҭоу амузеи ашьаҭаркҩы аҭуџьар Павел Третиаков. Ус шакәугьы, ҳаамҭазы аҟазара аколлекциа ду амазаара ауаажәларраҿы амал дуи астатус ҳараки ирсимволны иаанхоит.

Image
Иозеф Боис, Аперформанс Досу - асоциалтә организм ахақәиҭтәра амҩаҿы дсахьаҭыхҩуп, 1978 ш.

Зны-зынла асахьаҭыхыҩцәа аҟазара ҷыда аԥҵара рҽазыршәоит. Уи имариоу маҭәарк, ма материалтә хәшьара змоу аҳасабала иузаахәом.1960-70-тәи ашықәсқәа рзы аибашьра ашьҭахьтәи анемец сахьаҭыхыҩцәа нагақәа ируаӡәкыз Иозеф Боис иҳәон «баша аобиект мацара акәымкәа, еиҳау ухаҿы иааугароуп»[64] ҳәа. Уи иабзоураны ицәырҵит аперформанс, авидео-арт, аконцептуалтә ҟазара реиԥш иҟоу ахырхарҭақәа. «Аидеиа акәша-мыкәша иҟоу адемократиатә мҩақәҵарақәа аҟазаратә рҿиамҭақәа товаруп ҳәа ирыԥхьаӡон. Арҭ аиҿцәажәарақәа 1960-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазы, аестетикатә идеиа ҿыцқәа цәырнагоит, лымкаала алҵшәа ӷәӷәа ҟанаҵеит 1970-тәи ашықәсқәа рзы. Асахьаҭыхыҩцәа хыԥхьаӡара рацәала аконцептуалтә ҟазара алырхоит. Урҭ аҿыханҵеит аскульптурақәеи раԥҵара аперформанси егьырҭ акционисттә усқәеи рыла ирыԥсахит. Авторцәа хықәкыс ирыман аҟазаратә рҿиамҭақәа аобиеқт аҳасабала иҟоу агәаанагара аԥсахра»[65].

Иҳаҩсыз ажәашықәсақәа рылҵшәа иаҳнарбит, ахырхарҭа ҿыцқәа аҟазара акоммерциализациа аҿаԥхьа ишымчыдоу. Ицәырҵо иалагеит акционисттә қәгыларақәа рвидеонҵамҭақәа зну DVD, аексклиузивтә перформансқәа рахь ааԥхьарақәа, иара убас аконцептуалистцәа рцәыргақәҵақәа рҿы иаанрыжьыз аобиектқәа. Аперформансқәа жәпакы иуадаҩу усны иҟалеит. Урҭ рҵакы ҵаула еилызкаауа аҵара змоу аинтеллектуалцәеи иреиҳаӡоу аелитеи роуп. Уаанӡа аелита ирдырган асахьақәеи аскульптурақәеи рымазаара, уажәы урҭ рсимвол ҿыцны иҟалеит аҟазара ахаҭа аилкаара. Аҟазара аҭоурыхи атеориеи рдырра даара иҳараку аҵарадырра аҩаӡара аҭахуп. Убри иахҟьаны аҟазара макьанагьы ауаажәларра иреиҳау акласс ишатәу иадырганы иаанхоит. «2000-тәи ашықәсқәа рзы инарҭбааны ирылаҵәаз DVD атехнологиа аамҭазы, асахьаҭыхыҩцәеи агалереиақәеи асахьақәа рыҭиреи ацәыргақәҵақәа рымҩаԥгареи рҟынтәи ахашәалахәы роуан. Авидео-компиутертә сахьақәа рыҭира ахылаԥшра рнапаҿы иааргеит, урҭ аколлекционерцәа рахь хыԥхьаӡарала имаҷны ирызнеиуан»[66].

Image
Ганс Заредеман де Врис-алхимик Илабараториа (1595)

Аҟазареи уи хаз иамоу аспектқәеи аҭҵаарадырратә ҭҵаара иамаҭәаруп. Иааизакны аҟазара ҭызҵаауа аҭҵаарадырреи уи иадҳәалоу ацәырҵрақәеи рнаука аҟазараҭҵаара ахьӡуп. Аҟазара аҭҵаара знапы алаку афилософиа аусхк - аестетикоуп. Аҟазара иадҳәалоу афеноменқәа акультурологиа, асоциологиа, апсихологиа, апоетика, асемиотика реиԥш иҟоу егьырҭ ауаажәларратәи агуманитартәи аҭҵаарадыррақәа рнапы рылакуп .

Раԥхьаӡа акәны аҟазара системала аҭҵаара дазааҭгылеит Аристотель (384-322 шш.ҳера ҟалаанӡа) иусумҭа «Апоетика» аҟны. Иазгәаҭатәуп, егьырҭ иусумҭақәа рҟны аҭҵаарадырратә дырреи аҭҵаарадырратә методи рсистемаркра хациркит.

Ҳаамҭазы аҟазара аҭҵаараҿы, асемиотика иҷыдоу ароль нанагӡоит. XIX ашәышықәса анҵәамҭазы ицәырҵыз ари анаука акоммуникациеи адыргатә системақәеи рганахьала апроблемақәа жәпакы ирыхәаԥшуеит. Асовет культуролог ду, асемиотик Иури Лотман (1922-1993) иусумҭақәа рҿы акультура асемиотикатә знеишьа рыдигалеит, асахьаркыратә текстгьы аҭҵааразы акоммуникациатә модель дахцәажәеит. Ари азнеишьала аҟазара абызшәа аҳасабала иахәаԥшуеит, даҽакала иуҳәозар, ҷыдала еиҿкаау адыргақәа зхы иазырхәо акоммуникациатә системаны[67].

Иҟоуп агипотеза, аҟазара аҭҵаарадырра аԥхьа ицәырҵит ҳәа, акыраамҭа уи арольгьы наныгӡон. Аҟазарагьы аҭҵаарадыррагьы адыргатә системақәоуп, урҭ рыла ауаҩы икәша-мыкәша иҟоу адунеии, ихаҭареи ҭырҵаауеит. Уи азы рхы иадырхәоит аекспериментқәа, анализ насгьы асинтез.

Аҟазареи аҭҵаарадырреи реиԥшымзаарақәа:

  • аҭҵаарадырреи атехникеи амаҭәарқәа еиҳа анырра рнаҭоит, аҟазара-апсихологиа;
  • аҭҵаарадырра абиективра иашьҭоуп, аҟазара арҿиамҭақәа раԥҵаҩцәа ракәзар, рылшарақәеи рцәанарыррақәеи зегьы аҟазарахь иаларгалоит;
  • аҭҵаарадырратә метод ӷәӷәала ирационалтәуп, аҟазараҿы акәзар, еснагь иҟоуп гәынхәҵысҭалеи ԥымклареи аҭыԥ;
  • аҟазаратә рҿиамҭақәа зегьы иакуп, инагӡоуп, анаукатә усумҭақәа зегьы ҳаԥхьа иҟази ашьҭрақәлаҩцәеи  реибаркыраҿы иҟоу ахәҭоуп;

Иазгәаҭатәуп, арҭ аиԥшымзаарақәа рҵакы хыхь-хыхьлатәи ахәаԥшраан мацароуп ишиашоу. Иарбан пунктзаалак аиҿцәажәаразы хазы теманы иаанхоит.

Аҟазареи адинхаҵареи

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҟазара аиреи адинхаҵара ацәырҵреи зынӡаск аиҟәыҭхашьа рымам[68]. Ишьақәгылаз адинхаҵара аганахьала, аҟазара адин иуднагало иреиҳау аҵабырг аарԥшразы асимволтә знеишьа мацароуп иамоу. Акыраамҭа, ақьырсианра аизҳазыӷьара инаркны Аиҭарҿиара аамҭа аҟынӡа, европаҿы аҟазара еиҳарак Ауахәама аҭахрақәа наныгӡон.

Адунеи атәылақәа рҟазара

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Уахә. иара убас Акатегориа:Атәылақәа рыла аҟазара
  1. John Rewald, Walter Feilchenfeldt, Paul Cézanne, Jayne Warman. The Paintings of Paul Cézanne: A Catalogue Raisonné. — Thames and Hudson, 1996. — Т. 1. — 904 с. — ISBN 050009263X. — ISBN 9780500092637. — [Архивировано 15 хәажәкырамза 2022 года.]
  2. М. Р. Фасмер. искусство // Этимологический словарь русского языка. — Прогресс. — М., 1964—1973., в этимологическом словаре русского языка Макса Фасмера.
  3. Искусство (История слов. Часть 3) Архив ҟаҵан 2013-12-15 азы Wayback Machine аҟны. В. В. Виноградова
  4. Робин Коллингвуд — Принципы искусства Архив ҟаҵан 2020-01-16 азы Wayback Machine аҟны. V. § 2.
  5. Эстетическое учение Чернышевского Архив ҟаҵан 2020-02-05 азы Wayback Machine аҟны..
  6. Владимир Набоков, «Другие берега», глава 8.
  7. М. Фридлендер Знаток искусства. — М.: Дельфин, 1923. — С. 4.
  8. Искусство // Малый энциклопедический словарь Брокгауза и Ефрона. — 2-е изд., вновь перераб. и значит. доп. — Т. 1—2. — СПб., 1907—1909.
  9. Britannica Online
  10. Искусство // Большая советская энциклопедия : [в 30 т.] / гл. ред. А. М. Прохоров. — 3-е изд. — М. : Советская энциклопедия, 1969—1978.
  11. 11,0 11,1 11,2 Виктор Власов. Теория формообразования в изобразительном искусстве. — Litres, 2017. — С. 22—23. — ISBN 5040866755. — ISBN 9785040866755.
  12. Валери П. Об искусстве. М.: Искусство, 1993. — С. 91—92.
  13. 13,0 13,1 Каган М. С. Эстетика как философская наука. — СПб.: Петрополис, 1997. — С. 204
  14. Власов В. Г. Теория формообразования в изобразительном искусстве. Учебник для вузов. — СПб.: Изд-во С-Петерб. ун-та, 2017. — C. 18
  15. Каган М. С. Человеческая деятельность: Опыт системного анализа. — М., 1974. — С. 98—111.
  16. Зедльмайр Х. Искусство и истина. — М.: Искусствознание, 1999. — С. 252—255
  17. М. С. Каган «Человеческая деятельность» (1974), «Эстетика как философская наука» (1997)
  18. Каган М. С. О прикладном искусстве. Некоторые вопросы теории — Л. : Художник РСФСР, 1961
  19. Салтыков А. Б. Самое близкое искусство. М.: Просвещение, 1968. — С. 32—35
  20. Власов В. Г. Объект, предмет, вещь: Симулякры предметного творчества и беспредметного искусства. Исследование соотношения понятий. Часть 2: Вещный мир и его проекция в дизайне // Электронный научный журнал «Архитектон: известия вузов». — УралГАХУ, 2019. — № 4 (68). — URL: http://archvuz.ru/2019_4/20/ Архив ҟаҵан 2021-05-05 азы Wayback Machine аҟны.
  21. Gombrich, Ernst. «Press statement on The Story of Art Архив ҟаҵан 2008-10-06 азы Wayback Machine аҟны.». The Gombrich Archive, 2005. Retrieved on January 18, 2008.
  22. Wollheim 1980, op. cit. Essay VI. pp. 231-39.
  23. Aliev, Alex. (2009). The Intentional-Attributive Definition of Art. Consciousness, Literature and the Arts 10 (2).
  24. Аполлон. Изобразительное и декоративное искусство. Архитектура: Терминологический словарь. — М.: РАХ — Эллис Лак, 1997. — С. 223
  25. Ницше Ф. Рождение трагедии из духа музыки. Предисловие к Рихарду Вагнеру // Ницше Ф. Избранные произведения. — СПб., 2003. — С. 50
  26. Культурология. XX век. Словарь. — СПб.: Университетская книга, 1997. — С. 159
  27. Бодрийяр Ж. К критике политической экономии знака. — М.: Библион — Русская книга, 2003. — С. 190
  28. Де Дюв Т. Именем искусства. К археологии современности. — М.: Высшая школа экономики, 2014
  29. Власов В. Г. Объект, предмет, вещь: Симулякры предметного творчества и беспредметного искусства. Исследование соотношения понятий. Часть 1: Оригинал и репродукция Архив ҟаҵан 2019-09-29 азы Wayback Machine аҟны. // Электронный научный журнал «Архитектон: известия вузов». — УралГАХУ, 2019. — № 3 (67)
  30. Каган М. С. Человеческая деятельность: опыт системного анализа. М., 1974. С. 98-111
  31. Даниэль С. М. Картина классической эпохи. Проблема композиции в западноевропейской живописи XVII века. — Л.: Искусство, 1986. — С. 22—97
  32. Свешников А. В. Композиционное мышление. — М.: ВГИК, 2001. —С. 75—136
  33. Абрамова З. А. Древнейшие формы изобразительного творчества (Археологический анализ палеолитического искусства // Ранние формы искусства. Сборник статей. — М.: Искусство, 1972. — С. 9—29
  34. Столяр А. Д. Происхождение изобразительного искусства. — М.: Искусство, 1985
  35. Власов В. Г. Морфология как историческое структурообразование искусства // Теория формообразования в изобразительном искусстве: Учебник для вузов. — СПб.: СПбГУ, 2017. — C. 155—227.
  36. Бессистемный подход Архив ҟаҵан 2012-11-20 азы Wayback Machine аҟны. // mesotes.narod.ru
  37. Власов В. Г. Мгновение и длительность: Художественное время и пространство в архитектонически-изобразительных искусствах. К проблеме «синтеза искусств» Архив ҟаҵан 2022-03-12 азы Wayback Machine аҟны. // Электронный научный журнал «Архитектон: известия вузов». — УралГАХУ, 2019. — № 2 (66)
  38. Земпер Г. Практическая эстетика. Вступительная статья «Эстетические взгляды Г. Земпера» и комментарии В. Р. Аронова. — М.: Искусство, 1970
  39. Иоффе, И. И. Синтетическая история искусств. Введение в историю художественного мышления. — Л.: ОГИЗ-ИЗОГИЗ, 1933. — С. 549
  40. Борев Ю. Б. Эстетика. В 2 тт. Т. 2. Смоленск, 1997. С. 16.
  41. Балонова М. Г. Искусство и его роль в жизни общества[permanent анеишьа амам азхьарԥш].[анеишьа амам азхьарԥш] [анеишьа амам азхьарԥш]
  42. Еремеев А. Ф. Происхождение искусства. — М., 1970. — С. 272.
  43. Radford, Tim. «World’s Oldest Jewellery Found in Cave Архив ҟаҵан 2004-05-18 азы Wayback Machine аҟны.». Guardian Unlimited, April 16, 2004. Retrieved on January 18, 2008.
  44. Breskin, Vladimir.Triad: Method for Studying the Core of the Semiotic Parity of Language and Art Архив ҟаҵан 2012-01-12 азы Wayback Machine аҟны. Signs, Vol.3, pp.1-28, 2010.
  45. Ранние формы искусства: Сборник статей. — М.: Искусство, 1972.
  46. Столяр А. Д. Происхождение изобразительного искусства. — М.: Искусство, 1985.
  47. Turney, Jon. «Does time fly? Архив ҟаҵан 2006-02-15 азы Wayback Machine аҟны.». The Guardian, September 6, 2003. Retrieved on January 18, 2007.
  48. «Contradictions of the Enlightenment: Darwin, Freud, Einstein and modern art Архив ҟаҵан 2011-04-06 азы Wayback Machine аҟны.». Fordham University. Retrieved on January 18, 2008.
  49. Deborah Solomon (14 декабря 2003), 2003: the 3rd Annual Year in Ideas: Video Game Art, New York Times Magazine Section
  50. Painter, Colin (2002), Contemporary Art and the Home, Berg Publishers, с.12, ISBN 1-85973-661-0
  51. Dutton, Denis (1998), Michael Kelly, ed., Tribal Art, Encyclopedia of Aesthetics, New York: Oxford University Press,
  52. Danto, Arthur (1988), Susan Vogel, ed., Artifact and Art, New York
  53. 53,0 53,1 53,2 «„Glossary: Anti-art“», Тейт
  54. "Олеся Туркина, Виктор Мазин — История и критика". Иархивтәоу аоригиналзы 2008-06-22 ахь. Ириашоу 2009-02-17 шықәсазы.
  55. «…идти в природу во всем одиночестве своего сердца, ничего в ней не отвергая, ничего не выбирая, и ничего не презирая, и веря, что все в ней хорошо и правильно, и радуясь всякой открывшейся истине.» Джон Рёскин. «Современные художники», том I, 1843 г.
  56. Griselda Pollock, Differencing the Canon. Routledge, London & N.Y.,1999. ISBN 0-415-06700-6
  57. Modern Art and Modernism: A Critical Anthology. ed. Francis Frascina and Charles Harrison, 1982.
  58. Miller, G. F.Sexual selection for cultural displays Архив ҟаҵан 2015-02-24 азы Wayback Machine аҟны.//The evolution of culture. Ed. by R. Dunbar, C. Knight, & C. Power. — Edinburgh: Edinburgh University Press, 1999. — PP. 71-91.
  59. Stoyo Karamihalev. Why Creativity is Sexy: A Review of the Evidence of Sexual Selection for Creative Abilities in Humans Архив ҟаҵан 2020-02-05 азы Wayback Machine аҟны.// Journal of European Psychology Students. — 2013. — No. 4. — pp. 78—86.
  60. Steve Mithen. The Prehistory of the Mind: The Cognitive Origins of Art, Religion and Science. 1999
  61. Andre Breton, Surrealist Manifesto (1924)
  62. Ударим культурой по беспределу! Деловая газета «Взгляд» № 24 (160) от 25 июня 2010 года http://www.respublika-kaz.info/files/news/issue/0/92.pdf Архив ҟаҵан 2012-02-04 азы Wayback Machine аҟны.
  63. Roland Barthes, Mythologies
  64. Sharp, Willoughby. An Interview with Joseph Beuys (англ.) // ArtForum : magazine. — 1969. — December (vol. 8, no. 4). — P. 45.
  65. Rorimer, Anne: New Art in the 60s and 70s Redefining Reality, page 35. Thames and Hudson, 2001.
  66. Robertson, Jean and Craig McDaniel: Themes of Contemporary Art, Visual Art after 1980, page 16. Oxford University Press, 2005.
  67. Лотман Ю. М. Об искусстве. СПб., 1998. С. 19.
  68. Доисторические времена — Искусство и религия Архив ҟаҵан 2009-02-21 азы Wayback Machine аҟны. [анеишьа амам азхьарԥш]
  • Curlie (dmoz) аҿы аҟазара азхьарԥшқәа ркаталог
  • Open Encyclopedia Project аҿы аҟазара